Раԥхьаӡатәи жәлар рҟазаратә фестиваль "Зегьызлоу" мҩаԥысит Гәдоуҭа Kate Park аҿы
21:23 28.06.2026 (ирҿыцуп: 22:45 28.06.2026)

© Sputnik
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 28 — Sputnik. Раԥхьаӡатәи жәлар рҟазаратә фестиваль "Зегьызлоу" мҩаԥысит Гәдоуҭа Kate Park аҿы ҳәа ааицхауеит Sputnik акорреспондент.
Афестиваль аиҿкааҩ Рамина Заде лажәақәа рыла, уи иалахәуп жәлар рашәақәа ахкынагӡаҩцәа, иара убас Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи рҟынтәи ахореографиатә, аинструменталтә, авокалтә нсамбльқәагьы 20.
Аконцерт хацыркхеит жәлар рмода дырбарала. Раԥхьа, адизаинер Ҳамидан Ҵәеиԥҳа лыӡахымҭақәа дырбан, анаҩс ицәырҵит аԥсуа милаҭтә маҭәала еилаҳәаз ахәыҷқәа.
Афестиваль аԥҟаррақәа рыла, алахәылацәа алшара рымоуп аестрадатә шәақәа рынагӡарагьы, аха урҭ еиҭарҿыцу жәлар рырҿиамҭақәазароуп.
Аконцерт иаҭааит жәаҩыла ареспублика ауааԥсыреи асасцәеи.
Анаҩстәи афестиваль амҩаԥгара азгәаҭоуп жьҭаарамзазы, ахԥатәи — жәабранмзазы. Амҩаԥгаҩ — аԥсуа естрадатә шәаҳәаҩы Саида Габниаԥҳа.