00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аџыш уҭиуа ԥхыӡ иубазар, анасыԥ иазҳәоуп": ауҭраҭых ҵиаа аџыш амаӡақәа

© Sputnik / Марианна Кубрава Празднование дня города Сухум
Празднование дня города Сухум - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.06.2026
Анапаҵаҩра
Дыҟамзар ҟалап аџыш закәу ззымдыруа. Ари ауҭраҭых ҵиаа амаӡақәа ҳзаалыртуеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Аџыш (урысшәала "чеснок") – уҭраҭых ҵиаауп. Аԥсны иаадрыхуеижьҭеи акыр шықәсақәа ирҭысхьеит. Ашәҟәыҩҩы Платон Ҷкадуа иеизга "Иалкаау" аҿы аԥсуа ԥҳәыс луҭра дахцәажәо иҩуеит: "Лара илзылан ахәысхәа, аџьымшьы, аџыш, араҳана, апатырџьан, убас шаҟа руахкы уҭахыз".
Аԥсуаа аџыш рхы иадырхәоит афатәҟаҵараҿы инарҭбааны, аиҳаракгьы аџьыкҵәаҵәа ахраҿы. Иара ԥсабарала афитонцид маҭәашьарқәа алоуп, урҭ ачымазара зырҵысуа абактериақәа ршьуеит. Аџыш еиҵарԥхьаны изжәуа, изхьызшьуа ауаҩы ачымазара ҿкы – агрипп ихьӡом ҳәа ирыԥхьаӡоит.
Курица - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.06.2026
Аԥсны
"Акәты ззырымшьуа, ашԥы деилаҳауан": акәытқәа ирыхҳәаау ажәаԥҟақәеи ажәлар разгәаҭарақәеи
Аџыш рыԥхрақәа аҩны уахьагәыдыԥшыло аганала икнарҳауеит, аҭаацәа алаԥш рԥырхагамхаразы. Асаби дахьгароу аџыш хушьыр ма аџыш рыц ақьынсҭа налаҵаны имаҭәа иауркыр, алаԥш ԥырхага инаҭом рҳәоит.

Жәлар рмедицинеи аџыши

Аџыш амаӡақәа рацәаны иаҵоуп, иахьурхалакгьы имаҭәахәуп, ауаҩы игәабзиара иазықәԥоит. Уи атәы шьақәнарӷәӷәоит аҵарауаҩ, абызшәаҭҵааҩы Ева Шавел-иԥҳа Ҭаниа лышәҟәы "Адгьылқәаарыхра иадҳәалоу алексика аԥсуа бызшәаҿы" иану анҵамҭақәа. Хшыҩзышьҭра раҳҭап:
Ацәама ахәшә. Литрабжак ахш, амҳаҵә азна аџыш ҟәаҟәаны еилурхуеит. Мышкахь знык иужәуеит, акрыфара аамҭа сааҭк шыбжьоу. Ижәтәуп мчыбжьык.
Ашәра ахәшә. Аџыши ахәшеи еилаҵаны ашәра иақәҵатәуп мышкы ҩынтә, шьыжьи хәылбыҽхеи.
Ахыхь ахәшә. Аџыш рссаны, ибзианы иххны, акасыш рыжәпаны иҟаҵаны, аџыш уахь иалаҵаны, ҩба-хԥа минуҭ уԥсырҭа иадкыланы иукуеит, амала еиҳаны иадукылар ҟалаӡом. Ужьы былуеит.
Продажа крапивы на рынке выходного дня в Цхинвале - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.03.2026
Аԥсны
"Ахәыҷқәа цәгьа изыршәо, адуцәа рзы хәшәра злоу": аҵиаа хкы ахәац иахҳәааны
Ахьҭа алалара ахәшә
Џыш хык арыцқәа амхны иурыцқьоит, ирссаны иуххуеит, ибзианы зхы акуа маҭәарк иҭауҵоит, литрабжак ауатка ахауҭәоит. Еиҵарԥхьаны иургылоит мышкы. Ахьҭа улаланы уаныҟоу, хәҷык-хәҷык уԥынҵа наҟ-ааҟ иҭушьуеит, улымҳа ашьаҭақәа. Иара убас 50-55 грамм мышкы ҩынтә иужәлар иҵегьы ирласны иухнагоит.
Ахьҭалалараан - аџьымшьы ххны, аџыш ҟәаҟәаны ҽнак ҩынтә иадамзаргьы жәабаҟа минуҭ уахфыҩлар бзиоуп.
Алацәҟәаб. ("Алацәҟәаб" даҽакала "акәырҵыкь" рҳәоит, абжьыуаа рҿы "аларқәықә" ҳәа иашьҭоуп – это гнойное восполение сальной железы у волосяного мешочка ресницы). Ула алацәкәаб аналҵлак, ибзиоуп аџыш ааҩшаны, ҩынтә, хынтә иахьушьыр, ирласны ицоит.

Аԥхыӡқәа рдунеи ахьтә

Аԥхыӡқәа рдунеи уагәылаԥшуазар, уаҟа аџыш еиуеиԥшым аҵакқәа анарбоит. Иаагозар:
Аџышрыԥхра аакныхны аџыш цырақәа амыршәшәо, иурыцқьо ԥхыӡ иубазар – ушымгәыӷуа жәабжь бзиак уаҳауеит.
Аԥакәа зхылаз аџыш рыцқәа – абзиеи ацәгьеи напыла еилухуа убар, зыгәра уго ауаҩы дуҵаӷьычуеит аанагоит.
Аџыш кылхны афатә иауҭауа уеиԥхыӡзар, агәабзиареи аусқәа рҿы аманшәалареи узаанагоит.
Аџыш уҭиуа ԥхыӡ иубазар – анасыԥ, ауадаҩрақәа риааира ирызҳәоуп.
Буковые деревья - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.06.2025
Аԥсны
"Аҵла еиҭауҳауа ԥхыӡ иубар": аҵлақәа ирызку азгәаҭарақәеи аԥхыӡқәеи
Ажәабжьқәа зегьы
0