Инал Кацәба Амедиалига абыжьбатәи асезон аҟны иреиӷьу асеив мҩаԥигеит ҳәа далкаахар илшоит
16:18 01.07.2026 (ирҿыцуп: 17:17 01.07.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 1 — Sputnik. АК "Аԥсны" амбахьчаҩ Инал Кацәба Амедиалига абыжьбатәи асезон аҟны иреиӷьу асеив мҩаԥигеит ҳәа иалкаааразы абжьыҭара далахәуп.
Зыӡбахә азгәаҭоу — Аҟәатәи астадион "Динамо" аҿы Fight Nights-и "Аԥсни" реицыхәмарраан иҟалаз ахҭыс ауп.
Аԥсуа мбахьчаҩ усҟан икоманда еиқәирхеит, изындаҭлоз ашьапылампыласҩы дзасыз ампыл амба ақәырҟьа иаахеит.
Инал Кацәба изы шәыбжьы шәҭиир шәылшоит абри азхьарԥш ала https://t.me/WinlineML/24459.
Иара убас иреиӷьу асеив мҩаԥыргеит ҳәа ралкааразы иқәгылоуп — Ржавыи, Алекс, Махараӡе, Куз, Труба.