https://sputnik-abkhazia.info/20260702/1064065005.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Сергеи Кириенко усутә ныҟәарыла Аԥсныҟа дааит. Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ атәыла ахада Бадра Гәынбеи иареи еицырзеиԥшу асоциалтә... 02.07.2026, Sputnik Аҧсны
2026-07-02T13:01+0300
2026-07-02T13:01+0300
2026-07-02T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/07/02/1064064839_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_4fb88cfd2511199d713dd52488af6080.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Сергеи Кириенко усутә ныҟәарыла Аԥсныҟа дааит. Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ атәыла ахада Бадра Гәынбеи иареи еицырзеиԥшу асоциалтә, аекономикатә, аинфраструктуратә проектқәа рынагӡара азҵаарақәа ирылацәажәеит. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭеит альготатә кредит аҭаразы апрограммеи мшаԥымзазы АЖәАФ-2026 аҟны анапы зҵаҩыз аиқәшаҳаҭрақәеи. Иара убас Аԥсны атуристтә ҧсшьараамҭа алагара иаазааҭгылеит. Аганқәа ишьақәдырӷәӷәеит атәылауаа рыԥсҭазаара ахаҭабзиара аизырҳареи ареспублика аекономикатә лшарақәа арӷәӷәареи ирызку апрограммақәа рынагӡара ацҵара ргәы ишҭоу.
Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои Тамшь адесант рыӡхыҵра амш аҽны ақыҭаҿ игылоу амемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит. Тамшьтәи адесант ӡхыҵижьҭеи 33 шықәса аҵра иазкыз агәаларшәаратә уснагӡатә иалахәын ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, аԥыза-министр Владимир Делба, Башкортосҭан ахадеи аԥыза-министри Ради Хабирови Андреи Назарови, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, адепутатцәа, Аиҳабыра, ауаажәларра.
"Аиааира зыҟалаӡомызт иҟамызҭгьы Тамшьтәи адесант, ианвартәи, марттәи, иультәи ажәыларақәа, арҭ зегьы хәҭа-ҳәҭала Аиааира Ду ҳзааргеит", — иҳәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба, Тамшь адесант рыӡхыҵра амш аҽны агәалашәаратә уснагӡатә аҟны данықәгылоз. Атәыла ахада иҭабуп ҳәа реиҳәеит аиабшьра аветеранцәа иаадырԥшыз агәымшәареи афырхаҵареи рзы. "Ҳаҭыр зқәу аибашьра аветеранцәа шәара иаҳзаажәгаз аиааира иахьынӡаҳалшо аихаҳара ҳашьҭазаауеит", — иҳәеит Гәынба.
Анхарҭа ҭыԥ маҷқәа рыҿиара апрограммазы иназыцҵоу арзаҳалқәа рыдкылара иацҵоуп. Уи хықәкыс иамоуп — амодультә конструкциақәа рҟынтәи атуристцәа рыргыларазы ахархәагақәа рырҿиара ма раԥҵара зҭаху анаплакыҩцәа адгылара рыҭара ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аекономика аминистрра. Арзаҳалқәа рыдыркылоит ԥхынгәы 24-нӡа. Ацхыраара асубсидиа аҳасаб ала ирыҭахоит — аинвестрпоект ахәԥса 50% рҟынӡа, аха номерк азы 1,5 млн мааҭ иреиҳамкәа.
Сергеи Кириенко усутә ныҟәарыла Аԥсныҟа дааит. Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ атәыла ахада Бадра Гәынбеи иареи еицырзеиԥшу асоциалтә, аекономикатә, аинфраструктуратә проектқәа рынагӡара азҵаарақәа ирылацәажәеит. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭеит альготатә кредит аҭаразы апрограммеи мшаԥымзазы АЖәАФ-2026 аҟны анапы зҵаҩыз аиқәшаҳаҭрақәеи. Иара убас Аԥсны атуристтә ҧсшьараамҭа алагара иаазааҭгылеит. Аганқәа ишьақәдырӷәӷәеит атәылауаа рыԥсҭазаара ахаҭабзиара аизырҳареи ареспублика аекономикатә лшарақәа арӷәӷәареи ирызку апрограммақәа рынагӡара ацҵара ргәы ишҭоу. Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои Тамшь адесант рыӡхыҵра амш аҽны ақыҭаҿ игылоу амемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит. Тамшьтәи адесант ӡхыҵижьҭеи 33 шықәса аҵра иазкыз агәаларшәаратә уснагӡатә иалахәын ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, аԥыза-министр Владимир Делба, Башкортосҭан ахадеи аԥыза-министри Ради Хабирови Андреи Назарови, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, адепутатцәа, Аиҳабыра, ауаажәларра. "Аиааира зыҟалаӡомызт иҟамызҭгьы Тамшьтәи адесант, ианвартәи, марттәи, иультәи ажәыларақәа, арҭ зегьы хәҭа-ҳәҭала Аиааира Ду ҳзааргеит", — иҳәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба, Тамшь адесант рыӡхыҵра амш аҽны агәалашәаратә уснагӡатә аҟны данықәгылоз. Атәыла ахада иҭабуп ҳәа реиҳәеит аиабшьра аветеранцәа иаадырԥшыз агәымшәареи афырхаҵареи рзы. "Ҳаҭыр зқәу аибашьра аветеранцәа шәара иаҳзаажәгаз аиааира иахьынӡаҳалшо аихаҳара ҳашьҭазаауеит", — иҳәеит Гәынба. Анхарҭа ҭыԥ маҷқәа рыҿиара апрограммазы иназыцҵоу арзаҳалқәа рыдкылара иацҵоуп. Уи хықәкыс иамоуп — амодультә конструкциақәа рҟынтәи атуристцәа рыргыларазы ахархәагақәа рырҿиара ма раԥҵара зҭаху анаплакыҩцәа адгылара рыҭара ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аекономика аминистрра. Арзаҳалқәа рыдыркылоит ԥхынгәы 24-нӡа. Ацхыраара асубсидиа аҳасаб ала ирыҭахоит — аинвестрпоект ахәԥса 50% рҟынӡа, аха номерк азы 1,5 млн мааҭ иреиҳамкәа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/07/02/1064064839_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_9bab2503458d84277dac17534aa42bd8.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио