https://sputnik-abkhazia.info/20260703/1064095666.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Еиҭашьақәыргылоу Аҟәа аԥшаҳәа ахәҭак официалла иаадыртит. Аԥсны ахада Бадра Гәынба Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои... 03.07.2026, Sputnik Аҧсны
2026-07-03T13:01+0300
2026-07-03T13:01+0300
2026-07-03T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/07/03/1064095500_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_327ade2e165798fb3a275bd38595a6a7.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Еиҭашьақәыргылоу Аҟәа аԥшаҳәа ахәҭак официалла иаадыртит. Аԥсны ахада Бадра Гәынба Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Башкортосҭани Ҭаҭарсҭани рнапхгаҩцәеи иҟарҵаз ацхырааразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит, игәалаиршәеит аибашьра ашықәс уадаҩқәа раан арҭ ареспубликақәа Аԥсны хәы змаӡам ацхыраара шарҭоз. "Агәраганы сыҟоуп, Аԥсны жәлар гәыблыла ҳаиашьаратә республикақәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьа шыргәалашәало, уи ргәаҵақәа рҿы ишыҵәаххо", — ҳәа азгәеиҭеит иара. Амшынԥшаҳәа аартра рнапы ианырҵеит аҟәатәи ахәыҷбаҳчақәа рааӡамҭацәа. Дара апышҭарчқәеи, Аԥсни, Урыстәылеи уи арегионқәеи рбираҟқәеи рыманы аҟәара иқәсит.
Нижни Новгород иазынархоу аҳаҭыртә ҭыӡҩылара аадыртит "Брехаловка" аҿаԥхьа, Аҟәа. Нижни Новгород анапхгара Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәаҿы агәашьаркыреи аҵлақәеи рырлашара мҩаԥыргеит. Аԥсны ахада Бадра Гәынба Нижни Новгород ахаҭарнакцәа иҟарҵаз ацхырааразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит, иазгәеиҭеит асеиԥш иҟоу апроектқәа аиашьаратә қалақьи дареи реизыҟазаашьақәа рыҿиара ишацхраауа. Аҟәа еиҭашьақәыргылоу аԥшаҳәа ахәҭак официалла аартра мҩаԥгахоит ԥхынгәы 3 рзы. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥган Ҭаҭарсҭан, Башкортосҭан, Нижни Новгород, Краснодартәи атәылаҿацә, аҟәатәи аҳаирбаӷәаза, аурыс-аԥсуа наплакыҩцәа рыцхыраара иабзоураны.
Башкортосҭан иазынархоу аҳаҭыртә ҭыӡҩылара аадыртит Аҟәа аԥшаҳәаҿы. Урыстәылатәи арегион абзоурала еиҭашьақәыргылаз аԥшаҳәа анеиааирҭа ҭыԥ ахәҭа гәырӷьарала иаадыртит иахьа. Аатра иалахәын атәыла ахада Бадра Гәынба, Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, Ҭаҭарсҭани Башкортосҭани рхаҭарнакцәа. Маи 9 рзы еиҭашьақәыргыланы иаадыртыз Идырым асолдаҭ ибаҟеи урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа рбаҟеи рымҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит.
Ҭаҭарсҭан ахарџь ала еиҭашьақәыргылаз Аҟәа аԥшаҳәа ахәҭа аадыртит ҳәа ааицҳауеит Sputnik акорреспондент. Бадра Гәынба, Сергеи Кириенко, Урыстәыла арегионқәа рхадацәа, ауааԥсыра, аҳҭнықалақь асасцәа аҭаҭар жәлар рашәақәеи рыкәашарақәеи рыла ирԥылеит. Иара убас, аҭыԥ аҿы Аҟәа ауааԥсыра рҟынтәи Ҭаҭарсҭан иазынархоу аҳаҭыртә ҭыӡҩылара ҿыц шьақәыргылан.
Аԥсны атуризм аминистрра аусзуҩцәа зинда аус зуа аекскурсиамҩаԥгаҩцәа раарԥшразы агәаҭарақәа рымҩаԥгара иалагеит. Урҭ мҩаԥысуан аҳәынҭавтоинспекциа агәаҭарҭатә ҭыԥ "Баӷрыԥсҭа", ааҭгылара-гәаҭарҭатә ҭыԥ "Риҵа" рҿы. Азакәан еилазго адокументқәа змам аҭыԥантәи ауааԥсыра реиԥш, аҳәаанырцәуаагьы ыҟоуп. Аҵыхәтәан зыӡбахә ҳәоу хыԥхьаӡарала акырӡа еиҳауп ҳәа азгәеиҭеит ахылаԥшра аҟәша аспециалист хада Андреи Ншаниан.
Еиҭашьақәыргылоу Аҟәа аԥшаҳәа ахәҭак официалла иаадыртит. Аԥсны ахада Бадра Гәынба Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Башкортосҭани Ҭаҭарсҭани рнапхгаҩцәеи иҟарҵаз ацхырааразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит, игәалаиршәеит аибашьра ашықәс уадаҩқәа раан арҭ ареспубликақәа Аԥсны хәы змаӡам ацхыраара шарҭоз. "Агәраганы сыҟоуп, Аԥсны жәлар гәыблыла ҳаиашьаратә республикақәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьа шыргәалашәало, уи ргәаҵақәа рҿы ишыҵәаххо", — ҳәа азгәеиҭеит иара. Амшынԥшаҳәа аартра рнапы ианырҵеит аҟәатәи ахәыҷбаҳчақәа рааӡамҭацәа. Дара апышҭарчқәеи, Аԥсни, Урыстәылеи уи арегионқәеи рбираҟқәеи рыманы аҟәара иқәсит. Нижни Новгород иазынархоу аҳаҭыртә ҭыӡҩылара аадыртит "Брехаловка" аҿаԥхьа, Аҟәа. Нижни Новгород анапхгара Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәаҿы агәашьаркыреи аҵлақәеи рырлашара мҩаԥыргеит. Аԥсны ахада Бадра Гәынба Нижни Новгород ахаҭарнакцәа иҟарҵаз ацхырааразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит, иазгәеиҭеит асеиԥш иҟоу апроектқәа аиашьаратә қалақьи дареи реизыҟазаашьақәа рыҿиара ишацхраауа. Аҟәа еиҭашьақәыргылоу аԥшаҳәа ахәҭак официалла аартра мҩаԥгахоит ԥхынгәы 3 рзы. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥган Ҭаҭарсҭан, Башкортосҭан, Нижни Новгород, Краснодартәи атәылаҿацә, аҟәатәи аҳаирбаӷәаза, аурыс-аԥсуа наплакыҩцәа рыцхыраара иабзоураны. Башкортосҭан иазынархоу аҳаҭыртә ҭыӡҩылара аадыртит Аҟәа аԥшаҳәаҿы. Урыстәылатәи арегион абзоурала еиҭашьақәыргылаз аԥшаҳәа анеиааирҭа ҭыԥ ахәҭа гәырӷьарала иаадыртит иахьа. Аатра иалахәын атәыла ахада Бадра Гәынба, Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, Ҭаҭарсҭани Башкортосҭани рхаҭарнакцәа. Маи 9 рзы еиҭашьақәыргыланы иаадыртыз Идырым асолдаҭ ибаҟеи урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа рбаҟеи рымҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит. Ҭаҭарсҭан ахарџь ала еиҭашьақәыргылаз Аҟәа аԥшаҳәа ахәҭа аадыртит ҳәа ааицҳауеит Sputnik акорреспондент. Бадра Гәынба, Сергеи Кириенко, Урыстәыла арегионқәа рхадацәа, ауааԥсыра, аҳҭнықалақь асасцәа аҭаҭар жәлар рашәақәеи рыкәашарақәеи рыла ирԥылеит. Иара убас, аҭыԥ аҿы Аҟәа ауааԥсыра рҟынтәи Ҭаҭарсҭан иазынархоу аҳаҭыртә ҭыӡҩылара ҿыц шьақәыргылан. Аԥсны атуризм аминистрра аусзуҩцәа зинда аус зуа аекскурсиамҩаԥгаҩцәа раарԥшразы агәаҭарақәа рымҩаԥгара иалагеит. Урҭ мҩаԥысуан аҳәынҭавтоинспекциа агәаҭарҭатә ҭыԥ "Баӷрыԥсҭа", ааҭгылара-гәаҭарҭатә ҭыԥ "Риҵа" рҿы. Азакәан еилазго адокументқәа змам аҭыԥантәи ауааԥсыра реиԥш, аҳәаанырцәуаагьы ыҟоуп. Аҵыхәтәан зыӡбахә ҳәоу хыԥхьаӡарала акырӡа еиҳауп ҳәа азгәеиҭеит ахылаԥшра аҟәша аспециалист хада Андреи Ншаниан.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/07/03/1064095500_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_83f572f2f4aa3eced417a26ac289c066.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио