https://sputnik-abkhazia.info/20260703/1064098169.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Еиҭашьақәыргылоу Аҟәа аԥшаҳәа ахәҭак официалла иаадыртит. Аԥсны ахада Бадра Гәынба Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои... 03.07.2026, Sputnik Аҧсны
2026-07-03T13:30+0300
2026-07-03T13:30+0300
2026-07-03T13:41+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/07/03/1064098003_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_df120c908c674eef726df1c9bffcf943.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Еиҭашьақәыргылоу Аҟәа аԥшаҳәа ахәҭак официалла иаадыртит. Аԥсны ахада Бадра Гәынба Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Башкортосҭани Ҭаҭарсҭани рнапхгаҩцәеи иҟарҵаз ацхырааразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит, игәалаиршәеит аибашьра ашықәс уадаҩқәа раан арҭ ареспубликақәа Аԥсны хәы змаӡам ацхыраара шарҭоз. "Агәраганы сыҟоуп, Аԥсны жәлар гәыблыла ҳаиашьаратә республикақәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьа шыргәалашәало, уи ргәаҵақәа рҿы ишыҵәаххо", — ҳәа азгәеиҭеит иара. Амшынԥшаҳәа аартра рнапы ианырҵеит аҟәатәи ахәыҷбаҳчақәа рааӡамҭацәа. Дара апышҭарчқәеи, Аԥсни, Урыстәылеи уи арегионқәеи рбираҟқәеи рыманы аҟәара иқәсит.
Башкортосҭан иазынархоу аҳаҭыртә ҭыӡҩылара аадыртит Аҟәа аԥшаҳәаҿы. Урыстәылатәи арегион абзоурала еиҭашьақәыргылаз аԥшаҳәа анеиааирҭа ҭыԥ ахәҭа гәырӷьарала иаадыртит иахьа. Аатра иалахәын атәыла ахада Бадра Гәынба, Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, Ҭаҭарсҭани Башкортосҭани рхаҭарнакцәа. Маи 9 рзы еиҭашьақәыргыланы иаадыртыз Идырым асолдаҭ ибаҟеи урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа рбаҟеи рымҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит.
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза ацхыраарала аҳҭнықалақь аҿы еиҭашьақәыргылоу аԥшаҳәа ахәҭа аадыртит. Уи иалахәын атәыла ахада Бадра Гәынба, Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, Ҭаҭарсҭани Башкортосҭани рхаҭарнакцәа, аҟәатәи аҳаирбаӷәаза анапхгаҩ хада Руслан Блиндиук. Еиҭашьақәыргылоу аԥшаҳәа егьырҭ ахәҭақәа рҿы еиԥш, араҟагьы Аҟәа ауааԥсыра рҟынтәи аҳаҭыртә ҭыӡҩылара ҿыц шьақәыргылан.
"Шәышықәса анҵыра амазаауеит", — абас ахиҳәааит Бадра Гәынба еиҭашьақәдыргылаз аҟәатәи аԥшаҳәа. Аԥсны ахада аусурақәа рхыркәшара ҭоурыхтә хҭысуп ҳәа ахиҳәааит.Иара иазгәеиҭеит, ари анеиааирҭа мҩа 70 шықәса инареиҳаны раԥхьа ишыҟаҵаз, ииасыз ашәышықәса 50-тәи ашықәсқәа раан. Уажәы аргылаҩцәа зхаҭабзиара ҳараку аус ду мҩаԥыргеит, аҿҳәарақәа рҽырҭарыгӡеит.
Аԥсны атуризм аминистрра аусзуҩцәа зинда аус зуа аекскурсиамҩаԥгаҩцәа раарԥшразы агәаҭарақәа рымҩаԥгара иалагеит. Урҭ мҩаԥысуан аҳәынҭавтоинспекциа агәаҭарҭатә ҭыԥ "Баӷрыԥсҭа", ааҭгылара-гәаҭарҭатә ҭыԥ "Риҵа" рҿы. Азакәан еилазго адокументқәа змам аҭыԥантәи ауааԥсыра реиԥш, аҳәаанырцәуаагьы ыҟоуп. Аҵыхәтәан зыӡбахә ҳәоу хыԥхьаӡарала акырӡа еиҳауп ҳәа азгәеиҭеит ахылаԥшра аҟәша аспециалист хада Андреи Ншаниан.
Еиҭашьақәыргылоу Аҟәа аԥшаҳәа ахәҭак официалла иаадыртит. Аԥсны ахада Бадра Гәынба Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Башкортосҭани Ҭаҭарсҭани рнапхгаҩцәеи иҟарҵаз ацхырааразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит, игәалаиршәеит аибашьра ашықәс уадаҩқәа раан арҭ ареспубликақәа Аԥсны хәы змаӡам ацхыраара шарҭоз. "Агәраганы сыҟоуп, Аԥсны жәлар гәыблыла ҳаиашьаратә республикақәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьа шыргәалашәало, уи ргәаҵақәа рҿы ишыҵәаххо", — ҳәа азгәеиҭеит иара. Амшынԥшаҳәа аартра рнапы ианырҵеит аҟәатәи ахәыҷбаҳчақәа рааӡамҭацәа. Дара апышҭарчқәеи, Аԥсни, Урыстәылеи уи арегионқәеи рбираҟқәеи рыманы аҟәара иқәсит. Башкортосҭан иазынархоу аҳаҭыртә ҭыӡҩылара аадыртит Аҟәа аԥшаҳәаҿы. Урыстәылатәи арегион абзоурала еиҭашьақәыргылаз аԥшаҳәа анеиааирҭа ҭыԥ ахәҭа гәырӷьарала иаадыртит иахьа. Аатра иалахәын атәыла ахада Бадра Гәынба, Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, Ҭаҭарсҭани Башкортосҭани рхаҭарнакцәа. Маи 9 рзы еиҭашьақәыргыланы иаадыртыз Идырым асолдаҭ ибаҟеи урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа рбаҟеи рымҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит. Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза ацхыраарала аҳҭнықалақь аҿы еиҭашьақәыргылоу аԥшаҳәа ахәҭа аадыртит. Уи иалахәын атәыла ахада Бадра Гәынба, Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, Ҭаҭарсҭани Башкортосҭани рхаҭарнакцәа, аҟәатәи аҳаирбаӷәаза анапхгаҩ хада Руслан Блиндиук. Еиҭашьақәыргылоу аԥшаҳәа егьырҭ ахәҭақәа рҿы еиԥш, араҟагьы Аҟәа ауааԥсыра рҟынтәи аҳаҭыртә ҭыӡҩылара ҿыц шьақәыргылан."Шәышықәса анҵыра амазаауеит", — абас ахиҳәааит Бадра Гәынба еиҭашьақәдыргылаз аҟәатәи аԥшаҳәа. Аԥсны ахада аусурақәа рхыркәшара ҭоурыхтә хҭысуп ҳәа ахиҳәааит.Иара иазгәеиҭеит, ари анеиааирҭа мҩа 70 шықәса инареиҳаны раԥхьа ишыҟаҵаз, ииасыз ашәышықәса 50-тәи ашықәсқәа раан. Уажәы аргылаҩцәа зхаҭабзиара ҳараку аус ду мҩаԥыргеит, аҿҳәарақәа рҽырҭарыгӡеит. Аԥсны атуризм аминистрра аусзуҩцәа зинда аус зуа аекскурсиамҩаԥгаҩцәа раарԥшразы агәаҭарақәа рымҩаԥгара иалагеит. Урҭ мҩаԥысуан аҳәынҭавтоинспекциа агәаҭарҭатә ҭыԥ "Баӷрыԥсҭа", ааҭгылара-гәаҭарҭатә ҭыԥ "Риҵа" рҿы. Азакәан еилазго адокументқәа змам аҭыԥантәи ауааԥсыра реиԥш, аҳәаанырцәуаагьы ыҟоуп. Аҵыхәтәан зыӡбахә ҳәоу хыԥхьаӡарала акырӡа еиҳауп ҳәа азгәеиҭеит ахылаԥшра аҟәша аспециалист хада Андреи Ншаниан.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/07/03/1064098003_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_5fb94bb43008c69c5fa694c40c740a5f.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио