Аԥснытәи Аҟәеи Ареспублика Гана ақалақь Сухуми аиашьаратә еимадара рыбжьарҵеит
16:25 07.07.2026 (ирҿыцуп: 16:43 07.07.2026)

© Sputnik / Леон Адлейба
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 7 — Sputnik. Аԥснытәи Аҟәеи Ареспублика Гана амуниципалтә округ ақалақь Сухуми аиашьаратә еимадарақәа рыбжьаҵаразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Аминистрцәа реилазаараҿы.
Аусшәҟәы рнапы аҵарҩит Аԥсны аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрбеи Гана ақалақь Сухум акрал Боримо Амоако Даркои.
Ҭемыр Агрба асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит, иагьазгәеиҭеит аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра аҵак ду шамоу.

"Ара, Аҟәа шәыҟазаара ҳара ҳаимадарақәа шҳарӷәӷәо азы иреиӷьу шьақәырӷәӷәароуп. Шәара еснагь ҳаззыԥшу сасцәоуп, ҳаиҩызара – официалтә еиқәшаҳаҭрала иахьышьақәырӷәӷәоу ҳазгәдууп", — иҳәеит иара асасцәа аҭынчреи аизҳазыӷьареи рзеиӷьашьаны.
Ганатәи Сухум ахада ихаҭыԥуаҩ Франк Дансо Аԥсны анапхгареи ажәлари гәыблыла иахьрыдыркылаз азы ҭабуп ҳәа ахиҳәааит.
Иара иазгәеиҭеит Ганатәи аделегациа ареспубликахь ишааз рыԥсадгьыл аӡбахә еиҭаҳәаны аҭыԥантәи абизнесуаа злахәхар алшо аекономикатә, аинвестициатә, аграртә лшарақәа ирымоу цәырганы раарԥшразы.
Иара иазгәеиҭеит Ганатәи аделегациа ареспубликахь ишааз рыԥсадгьыл аӡбахә еиҭаҳәаны аҭыԥантәи абизнесуаа злахәхар алшо аекономикатә, аинвестициатә, аграртә лшарақәа ирымоу цәырганы раарԥшразы.