Урыстәылатәи аҳаирхыхьчаратә мчқәа украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 342 ҭадырхеит
09:57 13.07.2026 (ирҿыцуп: 10:58 13.07.2026)

© Sputnik / Евгений Биятов
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 13 — Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 342 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Адронқәа ҭархан Волгоградтәи, Владимиртәи, Белгородтәи, Бриансктәи, Калугатәи, Курсктәи, Липецктәи, Орловтәи, Ростовтәи, Риазантәи, Тулатәи аобластқәа рҿы. Уи адагьы, адронқәа ҭархоуп Москватәи арегионқәеи Краснодартәи атәылаҿацәи, Ҟрым, Амшын еиқәеи Азовтәи амшыни рқәыԥшылараҿы.
Краснодартәи атәылаҿацә аоперштаб адыррақәа рыла, Темриуктәи араион аҿы адрон аԥҽыхақәа акаҳара иахҟьаны анаплакы аҿы амцакра ҟалеит, иара убас ахатәҩны ааха аиуит. Белоречентәи араион аҿы адронқәа ахәҭақәа атехника зҭаз ахыбра иаԥырхагахеит. Ааха зауз ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам, аҭыԥ аҿы аоперативтә маҵзурақәа аус руеит.