АфШәМ Киев иагәҭакыз урыстәылатәи арратә аеродромқәа рыжәлара еиԥнарҟьеит
10:56 13.07.2026 (ирҿыцуп: 13:02 13.07.2026)

© Sputnik / ФСБ РФ
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 13 — Sputnik. Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Киев иагәҭакыз урыстәылатәи арратә аеродромқәа рыжәлара еиԥнарҟьеит.
Агәызҩара ззыҟоу ргәы иҭан Амуртәии Челиабинсктәии аобластқәа рҿы иҟоу аеродромқәа Украинкеи Шаголи рҿы атеракт амҩаԥгара, мраҭашәара иҭыжьу 24 FPV-дронқәа рыла ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.
Украинантәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа Бриансктәи аобласт ахь ииаргеит аеростатқәеи адронқәеи рыла, анаҩс агентцәа машьынала аидара аеродромқәа рахь имҩанганы аппаратқәа рхархәара иаздырхион.
Адронқәа рыдагьы ирымырхит акураторцәеи дареи реимадаратә хархәагақәа, АԥДА-қәа рнапхгаразы амобилтә станциақәа ҩба.