Ақалақьтә сааҭ Тҟәарчалтәи ГРЕС ахыбраҿы иқәдыргылеит
12:03 13.07.2026 (ирҿыцуп: 12:41 13.07.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 13 — Sputnik. Ақалақьтә сааҭ Тҟәарчалтәи ГРЕС ахыбраҿы иқәдыргылеит.
Ари аҳамҭа ақалақь амш азгәаҭара аламҭалаз иаздырхиеит уи инхо Наур Минџьиеи Беслан Ҭарбеи ҳәа аанацҳауеит ахадара апресс-маҵзура.
Тҟәарчалтәи-ГРЕС икнаҳаз асоветтә сааҭ аибашьра ашьҭахь иаангылан иҟан. Уажәтәи асааҭ ҿыц ашәагеи аҭеиҭыԥши уаанӡатәи иеиԥшуп, амала — аҵырлашага ацуп.
"Ари ҳзышьцылахьоу аинфраструктура елементк ахынҳәра мацара акәӡам, ари аиҭарҿиареи, абиԥарақәа реимадареи, Тҟәарчал аамҭа ԥхьаҟа мацара ишцо иасимволуп", — аҳәоит атекст аҿы.