Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭеи уи аҵакыреи рҟны арыцқьарақәа хыркәшоуп
13:00 13.07.2026 (ирҿыцуп: 13:22 13.07.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 13 — Sputnik. Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭеи уи аҵакыреи рҟны арыцқьарақәа хыркәшоуп, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Акапиталтә ргылара аусбарҭа атехникатә хылаԥшра аусзуҩ Бенур Ладариа.
1914 шықәсазы иргылаз ахыбра аиҭашьақәыргылара иалагеит мшаԥымзазы. Ари аамҭа иалагӡаны аҵараиурҭа ааигәара ажәытә ргыларақәеи ауадақәа рҿы аиҭашьақәыргылара иахәҭам амаҭәахәқәеи ықәган.
Уажәы ахыбра аҿыԥшылара аиҭашьақәыргылареи, афымцацәаҳәақәеи, аӡымҩангагақәеи, ацрыҵцарҭақәеи рымҩангара иалагеит, иара убас ахыб аԥсахреи ашьыхратә усурақәеи ирҿуп. Арԥхареи аҳауеиҭарсреи рсистемақәа шьақәыргылахоит, аҭоурыхтә уаџьаҟқәа 10 еиҭашьақәыргылахоит.
Аҵараиурҭа аҵакыраҿы аԥсшьарҭа ҭыԥқәа ҟалоит, атәарҭақәа ргылахоит, аҵиаақәа еиҭарҳауеит.
Чычба ихьӡ зху Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа еиҭашьақәыргылахоит 2026-2028 шықәсқәа рызтәи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара Аинвестициатә программа абзоурала. Амузыкатә ҵараиурҭа аиҭашьақәргыларазы ахыдҵақәа ахахьы иагеит Урыстәыла акультура аминистрра.