Атәылахьчаратә-ааглыхратә комплекс анаплакқәа руак аусзуҩ иганахь ала атеракт аԥырҟәҟәаауп
10:42 22.07.2026 (ирҿыцуп: 12:23 22.07.2026)

© Sputnik / ФСБ РФ
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 22 — Sputnik. Атәылахьчаратә-ааглыхратә комплекс анаплакқәа руак аусзуҩ иганахь ала атеракт аԥырҟәҟәаауп Санкт-Петербург.
Аполициаа дааныркылеит украинатәи амаҵзура ҷыдақәа аус рыцызуаз, ақалақьтә метро ахь арҭҟәацга мҩанызгоз урыстәылауаҩ.
Аусбарҭа агәаанаграла иаанкылоу ихала украинатәи акураторцәа иҽрымеидеит аԥарарҳара хықәкыс иҟаҵаны, иара Санкт-Петербурги Ленинградтәи аобласти рырратә наплакқәа рзы урҭ адыррақәа риҭон, анаҩс адҵа иоуит ААК аусзуҩ имашьына арҭҟәацга аҵеиҵарц.
GPS-трекер иаҵаҵәахыз абомба аҵәахырҭа иҭигеит.
Иаанкылоу иажәақәа рыла, ацәгьоура аҟаҵара дақәшаҳаҭхеит акуратор иҟынтәи акриптоԥараҭрахь иоуз аԥаратә ҳамҭазы.