Гәылрыԥшь араион аҿы ашәахтә лагалақәа рзы шықәсыбжактәи аплан 130% рыла инагӡоуп
12:25 24.07.2026 (ирҿыцуп: 14:43 24.07.2026)

© Sputnik / Алексей Сухоруков
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 24 — Sputnik. Гәылрыԥшь араион аҿы ашәахтә лагалақәа рзы шықәсыбжактәи аплан 130% рыла инагӡоуп.
Абри атәы иҳәеит Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра араионтә инспекциа аиҳабы Асҭамыр Бжьаниа, 2026 шықәса актәи азыбжаз аусбарҭа аусуразы аҳасабырба аихшьаалақәа ҟаҵо.
Иара иажәақәа рыла, аплан 106,5 млн мааҭ аҟазаараан араион абиуџьет ахь инеит 136,7 млн мааҭ ашәахтә шәарақәа.
Убри аан, ҵыԥх абри аамҭа иаҿырԥшны алагалақәа рымҽхак еиҵахеит. 2025 шықәса актәи азыбжазы планла 83,6 млн мааҭ аҟазаараан, фактла алагалақәа 156,8 млн мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Ҳазҭоу ашықәс азы урҭ еиҳагьы илаҟәхеит.