"Аԥсра иацәшәаз, абзацәа ахьыржуаз днанагеит": аԥсра ажәаԥҟақәеи аԥхыӡқәеи ишырныԥшуа

CC0 / /
Анапаҵаҩра
Абзиара ахьыҟоу ацәгьара ҟамлар аухуам, убри азоуп "аԥсра агәара икылыԥшуеит" зырҳәауа. Аԥсра ажәаԥҟақәеи аԥхыӡқәеи рҿы ишаарԥшу шәаԥхьарц шәыдылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Аамҭа алуқәа лагоит. Ахәлара аԥсахуеит ашара, еҵәак анкыдло, еҵәак кашәоит - ус ишьақәгылеит аԥсҭазаара ахаҭа "аира иацааиуеит аԥсра". Наунагӡа аԥсҭазаара заҭәашьахаз ҳәа уаҩы дҟамлац, мышкы зны зегьы "нарцәыцҳа ақәсра" ҳлахьынҵоуп.
Ажәаԥҟақәа рахьтә
Ԥсабарала иҟәышыз ҳмилаҭ акыр шықәсақәа раԥхьа иаԥырҵахьаз ажәаԥҟақәа цәажәоит абас:
Даҽаӡә иԥсра ԥхыӡгьы иумбан. Даҽаӡәы агәаҟра, аԥсҭазаара цәгьа изеиӷьумшьан. Иԥсра, иҭахара уамеигәырӷьан - абас иулабжьоит ари ажәаԥҟа.
Аԥсра бзиа акыр иаԥсоуп. Ауаҩы иқәра ыфаны, ихшара шеибгоу, иарҭала дымгәаҟкәа инарцәымҩа дықәлар, уиҵашьыцыртә дыҟоуп.
Аԥсра иақәымшәац, аԥсра закәу издыруам. Агәаҟра, ахьаа, агәырҩа зхьымсыц, ҩнуҵҟала иамблыц, урҭ закәу аҵыхәтәанынӡа изеилкаауам.
Аԥсра иаԥсам ишәаџь рҳәаӡом; Зыԥсы шҭоу ирҵәуаз, дамра иҭахӡам. Зыԥсы анҭоу акгьы иаԥсам, данԥслакгьы аӡәгьы гәырҩас дҟаиҵаӡом.
Аԥсра зегьы еиҟаранатәуеит. Аԥсра зегьы ирзеиԥшуп − абзиагьы дыԥсуеит, ацәгьагьы.
Аԥсы абзиа ихҳәаа, ма акгьы ихумҳәаан; Аԥсрашьҭахь ҽыԥныҳәа ыҟаӡам. Аԥсы иныӡбара ԥхашьароуп, иузҳәозар абзиа изҳәа. Ианамуӡа, зынӡагьы уихымцәажәан.
Аԥсраҿы зхы иасуа зегьы рылаӷырӡ еиԥшызҭгьы – акәыба арӡсон. Аԥсраҿы иаауа, иудышшыло зегьы агәаҟра узықәшәаз еиԥшны ргәы иалсуам.
Аԥсра иацәшәаз, абзацәа ахьыржуаз днанагеит. Ауаҩы шәарҭак ихы ацәганы, еиҳагьы ишәарҭоу аҭагылазаашьа данҭагылак, абас рҳәоит.
Аҭакәажә, аԥсра даналага, аӡынҵыҵындра дазхьуан. Ауаҩы ауадаҩра данақәшәалак, ашәарҭара данҭагылалак, акгьы имыхәо, акгьы ихәарҭам данашьҭалалак, абас рҳәоит.
Аԥсы ихәы абза ифоит. Уара иухәҭоу, иуоураны иҟоу узымгар, даҽаӡәы иуцәигар, абас рҳәоит.
Аԥсра аҽацәыхьчара
"Аԥсра ахы рацәанашьаӡом" рҳәоит аԥсуаа, убри аҟнытә аҩнаҭа аԥсра иацәырыхьчарц азы еиуеиԥшым аҵасқәеи ақьабзқәеи мҩаԥыргон. Аԥсраҿаҳәара – аԥсреи агәаҟреи ихҭанакыз аҭаацәараҿы, ԥхьаҟа агәаҟрақәа раанкыларазы имҩаԥыргоз ҵасын.
"Зегь раасҭа ишәарҭан аҭаацәара аиҳабы иԥсра. Уи иԥсра "даҽа ԥсрак ашьҭанеиуеит" рҳәон ҳаиҳабацәа. Аԥсра аԥырҟәҟәааразы, аиааиразы аԥсы дандәылыргоз аамҭазы аӡәы ашаха шәпа иманы аҩны аԥхьа даагылон. Уаантәы аҩны иахирууаауан. Ашьҭахь игылаз иара ишҟа инашьҭыз ашаха ахы икуан. Рҩыџьегьы наҟ-ааҟ, досу рганқәа рахь иахо, аҩны ақә иқәырӷәӷәаны идырхахауан. Ари аритуал "аҩны аҿаҳәара" ҳәа иашьҭан. Ас иҿаҳәоу аҩны аԥсра зыҩналаӡом ҳәа азырԥхьаӡон. Абас ала аԥсра ихҭанакыз агәараҭа аԥсра иацәырхьчон, уахь изыҩнамло иҟарҵон". (Ахыҵхырҭа: афольклорист Цира Габниаԥҳа лышәҟәы "Амифи аритуали").
Аԥхыӡқәа рдунеи
Ԥхыӡла иԥсхьоу аӡәы лахьеиқәҵарала дцәажәо дубар, бзиарак иазҳәоуп.
Иԥсхьоу аҩны лырхио ԥхыӡ иубар – аҩнаҭа аиҳабы ичымазара иазҳәоуп.
Иԥсхьоу ԥхыӡла ҳамҭак уиҭо иубар, хашәалак уоуеит.
Аԥсы дыбзаны дубар, лахьеиқәҵарак уақәшәоит.
Аԥсы дгәырӷьаҵәа дцәажәо дубар, алахьеиқәҵара иатәуп.
Ԥхыӡла аԥсы адҵа уиҭауа, иудумкыло иубар – ачымазара ма ахарџь иамааноуп.
Иԥсхьоу аӡәы ԥхыӡла дуҿасыр бзиоуп, имчра зегьы уара иуиҭоит рҳәоит.



