Илеиуеит ԥшьаала ақәаԥсата
Илеиуеит ԥшьаала ақәаԥсата,
Аҽмырхага,
Иахнагозар ҳбап, баатәа,
Ашьацаагага… (Ан. Лагәлаа)
Ааԥынтәи ақәа зегь шьацаагагоуп, игәӡаӡа иауеит, аҽарӷьеҩуам. Уи аҟынтә "ауаҩ ага ирбааӡага" ҳәагьы азырҳәоит, хырҩа амҭакәа, ма изгәаԥханы ицәхало рзыҳәан
Ақәа́ иҟалап ақә (верх) + аа (аара́) ҳәа иҳауз ажәазар (приходящее сверху), аҵа́а (вырастание дна) ҳанаҳәозар еиԥш.
Ашьацаага́га, аԥсата́, ақәаԥсата́ – мелкий, моросящий дождь;
Ақәарԥсса́ – крапающий дождь;
А́наатә – косой дождь;
Амра ԥхоит, ақәа леиуеит – грибной дождь;
Иаақәашырԥыҟҟеит – дождь забрызгал // закапал;
Қәау́ншьҭахь – после дождя;
Аҵа́ақәа – ледяной дождь;
Ақәа́дара – бездождие (засуха);
А́иаҵәцырҟьа алеира – метеоритный дождь.
Ақәа кны ухалап (уқәлап) – льет как из ведра (букв.: по дождю можно взобраться наверх);
Ақәа скәытрабааха сҟанаҵеит – я насквозь промок (букв.: дождь сделал из меня мокрую курицу).
Ақәа иацәшәаз аӡы далаҳаит (ажәаԥҟа) – Из огня да в полымя (букв.: испугавшись дождя, упал в воду).