https://sputnik-abkhazia.info/20260729/1064657342.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Мысра, Горбачиови Сталини рҳәынҭқарратә дачақәа рахь уназго амҩа хәҭа-хәҭала иҭабгеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Блабырхәа ақыҭа ахада Илларион Абыџба.Ари аҭыԥ... 29.07.2026, Sputnik Аҧсны
2026-07-29T13:01+0300
2026-07-29T13:01+0300
2026-07-29T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/07/1d/1064657176_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_d0adf8ccb1dea5f591b13011214d6892.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Мысра, Горбачиови Сталини рҳәынҭқарратә дачақәа рахь уназго амҩа хәҭа-хәҭала иҭабгеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Блабырхәа ақыҭа ахада Илларион Абыџба.Ари аҭыԥ Блабырхәеи Мысреи ирыбжьанакуеит. Ақәаршыҩқәа ирыхҟьаны 25 метра рҟынӡа амҩа ҳәазеит.Абыџба иажәақәа рыла, амашьынақәа ари аҭыԥ аҿы имҩасыр ҟалоит, аха иаарласны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рыда амҩа зынӡа еилаҳар алшоит. Гәдоуҭа араион ахадараҿы Sputnik ишазеиҭарҳәаз ала, апроблема аӡбаразы ацхыраара аҟаҵаразы Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делба иахь аофициалтә шәҟәы шынарышьҭхьоу.
Аҟәа ахәҭак лашарада иаанхоит иахьа.Асааҭ 11:00 инаркны 13:00 рҟынӡа алашара ырцәан Адыгаа рымҩаҿы, асааҭ 14:30 инаркны 16:30 рҟынӡа — Аҟабардақәа рымҩаҿы.Афымца аҿыххоит апрофилактикатә усурақәа ирыхҟьаны ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Аԥсны ахаҭарнакцәа жәаҩык Адыгеиа имҩаԥысуа афорум "Ҳәаа змам аҿар" иалахәын.Иара мҩаԥысуеит ԥхынгәы 31 рҟынӡа Маиҟәаԥ иҟоу Аҿар рцентр аҿы, еиднакылоит Аԥсни Адыгеиеи реиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа ҳәа аанацҳауеит Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы.Апрограммаҿы иарбоуп — асоциалтә проектҟаҵаразы арҵаратә интенсивқәа, аусутә хәмаррақәа, аҟаза-классқәа, Адыгеиа аҭыԥ ԥшӡарақәа рахь аекскурсиақәа.
Павел Дуров жәларбжьаратәи иԥшаара рыларҳәеит.Telegram аҧҵаҩы атерроризм дацхраауеит ҳәа ахара идырҵоит, абри атәы аанацҳауеит Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура.Аусбарҭа адыррақәа рыла, амессенџьер иаҧнарҟәҟәар акәын украинатәи амаҵзура ҷыдақәа Урыстәыла адиверсиақәеи атерактқәеи разырхиаразы активла рхы иадырхәо аканалқәа, ачатқәа, аботқәа, иара убас акибернапхыцәгьара.
Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 295 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.Адронқәа ҭархан Белгородтәи, Бриансктәи, Воронежтәи, Калугатәи, Курсктәи, Орловтәи, Ростовтәи, Риазантәи аобластқәа рҿы.Уи адагьы, адронқәа ҭархоуп Краснодартәи атәылаҿацә, Ҟрым, Чувашиа, Ҭаҭарсҭан, Азовтәи амшыни Амшын еиқәа рқәыԥшылараҿы.
Мысра, Горбачиови Сталини рҳәынҭқарратә дачақәа рахь уназго амҩа хәҭа-хәҭала иҭабгеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Блабырхәа ақыҭа ахада Илларион Абыџба.Ари аҭыԥ Блабырхәеи Мысреи ирыбжьанакуеит. Ақәаршыҩқәа ирыхҟьаны 25 метра рҟынӡа амҩа ҳәазеит.Абыџба иажәақәа рыла, амашьынақәа ари аҭыԥ аҿы имҩасыр ҟалоит, аха иаарласны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рыда амҩа зынӡа еилаҳар алшоит. Гәдоуҭа араион ахадараҿы Sputnik ишазеиҭарҳәаз ала, апроблема аӡбаразы ацхыраара аҟаҵаразы Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делба иахь аофициалтә шәҟәы шынарышьҭхьоу. Аҟәа ахәҭак лашарада иаанхоит иахьа.Асааҭ 11:00 инаркны 13:00 рҟынӡа алашара ырцәан Адыгаа рымҩаҿы, асааҭ 14:30 инаркны 16:30 рҟынӡа — Аҟабардақәа рымҩаҿы.Афымца аҿыххоит апрофилактикатә усурақәа ирыхҟьаны ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч". Аԥсны ахаҭарнакцәа жәаҩык Адыгеиа имҩаԥысуа афорум "Ҳәаа змам аҿар" иалахәын.Иара мҩаԥысуеит ԥхынгәы 31 рҟынӡа Маиҟәаԥ иҟоу Аҿар рцентр аҿы, еиднакылоит Аԥсни Адыгеиеи реиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа ҳәа аанацҳауеит Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы.Апрограммаҿы иарбоуп — асоциалтә проектҟаҵаразы арҵаратә интенсивқәа, аусутә хәмаррақәа, аҟаза-классқәа, Адыгеиа аҭыԥ ԥшӡарақәа рахь аекскурсиақәа. Павел Дуров жәларбжьаратәи иԥшаара рыларҳәеит.Telegram аҧҵаҩы атерроризм дацхраауеит ҳәа ахара идырҵоит, абри атәы аанацҳауеит Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура.Аусбарҭа адыррақәа рыла, амессенџьер иаҧнарҟәҟәар акәын украинатәи амаҵзура ҷыдақәа Урыстәыла адиверсиақәеи атерактқәеи разырхиаразы активла рхы иадырхәо аканалқәа, ачатқәа, аботқәа, иара убас акибернапхыцәгьара. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 295 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.Адронқәа ҭархан Белгородтәи, Бриансктәи, Воронежтәи, Калугатәи, Курсктәи, Орловтәи, Ростовтәи, Риазантәи аобластқәа рҿы.Уи адагьы, адронқәа ҭархоуп Краснодартәи атәылаҿацә, Ҟрым, Чувашиа, Ҭаҭарсҭан, Азовтәи амшыни Амшын еиқәа рқәыԥшылараҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/07/1d/1064657176_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_efb4e490a01daee662da99634e839037.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио