Бислан Багаҭелиа Аҟәа ақалақь архитектор хадас дшьақәырӷәӷәоуп
14:22 29.07.2026 (ирҿыцуп: 14:38 29.07.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 29 — Sputnik. Бислан Багаҭелиа Аҟәа ақалақь архитектор хадас дшьақәырӷәӷәоуп.
Архитектор хада дшьақәырӷәӷәан аҳҭнықалақь Аизара адепутатцәа реилатәараҿы. Багаҭелиа 2025 шықәса лаҵарамза аахыс архитектуреи ақалақьргылареи рыҟәша анапхгаҩы инапынҵақәа наигӡон.
"Аҟәа ақалақь архитектор хада иҳасабала иусура доусы абаразы алшара шәыман. Ақалақь ахада иаҳасабала, Бислан Витали- иԥа иусура даара сгәы иахәоит", — азгәеиҭеит Ҭемыр Агрба.
Бислан Багаҭелиа диит 1988 шықәсазы Аҟәа. 2012 шықәса рзы Волгоград архитектуреи аргылареи ринститут далгеит.
2018 шықәса раахыс аус иуан аргылареи архитектуреи рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә усбарҭаҿы.