Аԥсны Арбџьармчқәа рреформа мҩаԥгахоит
16:01 29.07.2026 (ирҿыцуп: 16:17 29.07.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 29 — Sputnik. Аԥсны Арбџьармчқәа рреформа мҩаԥгахоит.
Ари азҵаара иалацәажәеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынбеи, Атәылахьчара аминистрра ахада Беслан Ҵәыџьбеи, Аштаб Хада аиҳабы Владимир Савченкои.
Урҭ аррамаҵурахьы ааԥхьара асистема аиӷьтәра, арратә еилазаара аҿиара, Арбџьармчқәа реиҭеиқәыршәара иазааҭгылеит.
Аҳәынҭқарра ахада атәылахьчара аминистрра анапынҵа аиҭеит аамҭа кьаҿк иалагӡаны азакәанԥҵаратә аԥшьгарақәа аздырхиарц. Убри аан Гәынба иазгәеиҭеит, апроектқәа рхиатәуп Жәлар Реизараҟны иахәаԥшны иаднакылартә, 2027 шықәса цәыббра 1 инаркны амчра аиуртә еиԥш.
Азакәан апроектқәа иазгәарҭалароуп — атәылауаа арратә маҵзура хымԥада рахысра, иара убас аррамаҵзура зҽацәхьазкыз ирыдҵахо азинтә ҭакԥхықәра.
Аҳәынҭқарра ахада анапынҵақәа ҟаиҵеит Арбџьармчқәа реиқәыршәара асистема аиӷьтәразы. Иара убасгьы аиԥылараҿы ишьақәырӷәӷәан сынтәа аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгара аплан-аамҭеихша, Аиааира Амш азгәаҭара аҽазыҟаҵара.