Ашәҟәы "Хьыбла Гьерзмааԥҳа лфеномен" ӡыргахоит Аҟәа
17:07 29.07.2026 (ирҿыцуп: 17:31 29.07.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 29 — Sputnik. Ашәҟәы "Хьыбла Гьерзмааԥҳа лфеномен" ӡыргахоит афестиваль" Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." аҟны, нанҳәамзазы.
Аконцепциа еиқәиршәеит, авторс дамоуп ҳазҭоу ашықәс хәажәкырамзазы зыԥсҭазаара иалҵыз апоет, ашәҟәыҩҩы Владимир Занҭариа.
Ашәҟәы Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа иҭнажьит 2025 шықәсазы, уаҟа еидкылоуп ауаажәларратә усзуҩцәа, аҵарауаа, ашәҟәыҩҩцәа, амузыкантцәа, Хьыбла Гьерзмааԥҳа лҩызцәа рочеркқәа, рессеқәа, ргәалашәарақәа, ринтервиуқәа, х- бызшәак – аурыс бызшәа, аԥсуа бызшәа, англыз бызшәа рыла.
Аӡыргара мҩаԥгахоит нанҳәамза 1 азы РУСДРАМ аҿы. Нанҳәа 2 рзы Аҟәа имҩаԥысраны иҟоуп раԥхьатәи аконцерт — Аԥсуа театр ашҭаҿы аџьаз концерт.
Афестиваль мҩаԥысуеит Аԥсны аиҳабыреи Акультура аминистрреи, Урыстәыла акультура аминистрреи, акультуратә аԥшьгарақәа рзы Урыстәыла ахада Ифонди рыцхыраарала.