MAX амобилтә трафик Урыстәыла ахархәаҩцәа рзы хәыда-ԥсадахоит
11:30 31.07.2026 (ирҿыцуп: 11:50 31.07.2026)

© Sputnik / Владимир Астапкович
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 31 — Sputnik. MAX амобилтә трафик Урыстәыла ахархәаҩцәа рзы хәыда-ԥсадахоит.
Нанҳәа 1 инаркны асаламшәҟәқәеи афаилқәа рышьҭреи, авидеоеимадарақәеи атарификациа рзыруӡом, амобилтә трафикгьы нырхӡом "большаиа четверка" аоператорцәа рабонентцәа рзы ҳәа @SputnikLive иазеиҭарҳәеит аплатформа апресс-маҵзураҿы.
Уи адагьы, MAX аҿы ицәырҵит "аҭоурыхқәа" рфункциа. Ахархәаҩцәа алшара рымоуп рыԥсҭазаара аҟынтә ахҭысқәа егьырҭ ахархәаҩцәа рыцеиҩшара, рҩызцәа ркьыԥхьымҭақәа рыхәаԥшра, ахҳәаақәа рааныжьра.
"Аҭоурых" ацҵаразы иаарттәуп аҟәша "Чаты", апрофиль афотосахьа азааигәара адырга " + " иақәыӷәӷәатәуп. Макьаназы афункциа ҿыц аус ахьауа Rustore аҟынтәи аԥшьы еиҭарҿыцны измоу Android ахархәагақәа рҿы ауп.