Аԥсны АҩАР аусзуҩцәа аӡиа Риҵаҟа уназго амҩаду аҿы ареид мҩаԥыргеит
20:19 01.08.2026 (ирҿыцуп: 21:03 01.08.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 1 — Sputnik. Аԥсны АҩАР аусзуҩцәа аӡиа Риҵаҟа уназго амҩаду аҿы ареид мҩаԥыргеит.
Аусмҩаԥгатә хықәкыс иаман апассаџьыртә мҩангарақәа ршәарҭадареи рзакәанреи аԥҟаррақәа рықәныҟәара ахылаԥшра ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.
Ҷыдала ахшыҩзышьҭра рыҭан зымҩасра ҳараку амашьынақәа, иара убас ишьақәыргылоу атехникатә нормақәа ирықәымшәо, иназыцҵоу апассаџьыртә ҭыԥқәа рыҭаны иҟаҵоу атранспорттә хархәагақәагьы уахь иналаҵаны.
Ареид мҩаԥыргеит Аҳәынҭавтоинспекциа, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи русбарҭа аусзуҩцәа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут инапынҵала.