Урыстәылатәи аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи адронқәа 475 ҭадырхеит
09:07 05.08.2026 (ирҿыцуп: 10:39 05.08.2026)

© Sputnik / Сергей Бобылев
Анапаҵаҩра
Есыҽны Украинатәи Арбџьармчқәа иртәу аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа Урыстәыла аҵакыраҿ ажәыларақәа мҩаԥыргоит.
АҞӘА, нанҳәа 5 — Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 475 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Адронқәа ҭархан Белгородтәи, Бриансктәи, Воронежтәи, Калугатәи, Липецктәи, Курсктәи, Ростовтәи, Орловтәи, Риазантәи, Смоленсктәи, Твертәи, Тулатәи, Улиановтәи аобластқәа рҿы.
Уи адагьы, адронқәа ҭархоуп Москватәи арегион, Ҟрым, Ҭаҭарсҭан, Краснодартәи атәылаҿацә, Амшын еиқәеи Азовтәи амшыни рқәыԥшылараҿы.