00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Ҳара ҳжәар
18:29
1 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
Ҳара ҳжәар
21:29
1 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Актуальный комментарий
Эхо войны в горах: "Абхазпоиск" обнаружил неучтенные воинские захоронения в Псху
14:44
5 мин
Дополнительное время
Итоги турнира по теннису в Сухуме: интервью с президентом Федерации
14:49
13 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аҿартә форум "Аԥсны Ҿа" ААУ аҿы имҩаԥысуеит иахьа . Афорум апрограмма хҭысла ибеиоуп.Иахьа имҩаԥгахоит ауаажәларра-патриоттә еиҿкаара "Аԥсны Ҿа" алахәылацәа реизара ду, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥҟаԥҵәеи аиҿкаара аҿиара апрограммеи рыдыркылоит, иара убас анапхгара ҿыц алырхуеит.Уи адагьы, Аԥсни Урыстәылеи рҿартә еиҿкаарақәа рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭрақәа рнапаҵыҩра азгәаҭоуп.Афорум аҿы аҿартә политика актуалтә темақәа ирылацәажәоит, алекциақәа, аҟаза-иклассқәа,еицырдыруа урыстәылатәи аспортсменцәа рԥыларақәа мҩаԥгахоит.
Аҿар рфорум хықәкы хадас иамоу — Аԥсны инхо дарбанызаалак ақәыԥш ауаажәларратә усура иалархәроуп ҳәа иԥхьаӡоит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков."Бадра Зураб-иԥа еиликаауеит, ареспублика уаҵәтәи аԥеиԥш иахьа абра итәоу шшәаку Аҳәынҭқарра — аҿар рааӡара рнапы адмыркыр, уи ҳаӷацәа рнапы аларкуеит. Усеиԥш ҟамлароуп", — иҳәеит иара, жәларбжьаратәи афорум "Аԥсны Ҿа" аартраан данықәгылоз.Гладков иҭабуп ҳәа реиҳәеит аԥснытәи рколлегацәа рԥышәа рыцеиҩыршарц иааз афедералтә ҿартә центрқәа рхаҭарнакцәа.
Урыстәылантәи Аԥсныҟа иаагаз арҵагашәҟәқәа ашколқәа рахь реихшаразы аусурақәа цоит. Абри атәы иҳәеит Аҵара аминистрра ауаажәларра рымадаразы аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа.Ашәҟәқәа рагара ҩ-тәылак рҵара аминистрцәа Хана Гәынбеи Сергеи Кравцови реиқәшаҳаҭрақәа ирылҵшәахеит иҳәеит Қәҭелиа.Иара иажәақәа рыла. Ашколқәа рҟны арҵагашәҟәқәа разымхара шыҟац иаанхоит.
Аԥснытәи асахьаҭыхҩы Олег Чедиа ҳтәыл ахьӡала Ҭырқәтәыла имҩаԥысраны иҟоу жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа "WE" далахәхоит.Нанҳәа 24 инаркны 30 рҟынӡа Ҭырқәтәыла иҟоу Акультуратә Центр Аланиа аҿы 15-ҩык аҟазацәа еидызкыло ҳаамҭазтәи аҟазара ажәларбжьаратә цәыргақәҵа Аԥснытәи асахьаҭыхҩы, архитектор Олег Чедиа апроект алахәылацәа дыруаӡәкуп.
Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 203 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.Адронқәа ҭархан, Калугатәи, Липецктәи, Курсктәи, Ростовтәи, Риазантәи, уҳәа аобластқәа 13 рҿы.Уи адагьы, адронқәа ҭархоуп Краснодартәии Пермтәии аобластқәа рҿы, Ҟрым, Ҭаҭарсҭан, Башкортосҭан, Амшын еиқәа ақәыԥшылараҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0