Апленартә еилатәара "Аҿар рзы алшарақәа" аатит афорум "Аԥсны Ҿа" аҳәаақәа ирҭагӡаны
16:39 07.08.2026 (ирҿыцуп: 17:02 07.08.2026)

© Sputnik / Томас Тхаицук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 7 — Sputnik. Апленартә еилатәара "Аҿар рзы алшарақәа" аатит афорум "Аԥсны Ҿа" аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Ҭарашь Ҳагба алахәылацәа ирзеиҭеиҳәеит ареспублика ахаҭарнакцәа Екатеринбургтәи Аҿар Адунеизегьтәи рфестиваль ахь ишцо атәы. Уи адагьы, аусмҩаԥгатә анхыркәшахалак ашьҭахь 30-ҩык аҳәаанырцәтәи алахәылацәа Аԥсныҟа иаараны ишыҟоу.
Иара убас Ҳагба далацәажәеит Аҟәа имҩаԥысуаз аконференциаҿы ицәырыргаз аҿартә политика аҿиара апрограмма. Аусшәҟәы азырхиараан, атәыла еиуеиԥшым араионқәа рҿы имҩаԥгаз азҵаараҟаҵара алҵшәақәеи азҵаара алахәылацәа зегь реиҳа актуалра аҵоуп ҳәа ззырҳәаз апроблемақәеи — аԥсуа бызшәа адырра азымхара, анаркоманиа, усурҭала аиқәыршәара уҳәа егьырҭгьы шьаҭас иҟаҵан.
Адгылара зҭахо ахырхарҭақәа ируакхоит — аԥсышәала иаԥҵахо амедиапроектқәа рзы агрантқәа иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ.