Аурыс поетцәа ражәеинраалақәа аԥсшәахь реиҭага апоезиатә еизга "Амзеи амшыни" ӡырган Аҟәа
20:10 07.08.2026 (ирҿыцуп: 22:20 07.08.2026)

© Foto / Аҳәынҭққарратә бызшәатә политиказы аилак
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 7 — Sputnik. Аурыс поетцәа ражәеинраалақәа аԥсшәахь реиҭага апоезиатә еизга "Амзеи амшыни" ӡырган Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аилак аҟны.
"Амзеи амшыни" ианылеит — Игор Ушаков, Владимир Фиодоров, Дмитри Мизгулин, Сергеи Соловиов уҳәа авторцәа рырҿиамҭақәа реиҭагақәа.
"Амилаҭтә литература еиҭагарада изыҟалом, уи алитература еиҳа иарбеиоит, абызшәа ахаҭа арҿиоит. Аиҭагара анапалакра даара иуадаҩуп, избанзар абызшәа еиуеиԥшым аҩаӡарақәеи аҷыдарақәеи амоуп. Зны-зынлагьы аҩымҭа бжьаратәушәа убоит, аха аиҭага бзиа иабзоураны ишәҭуеит", — лҳәеит аԥсуа поет, аиҭагаҩ Гәында Кәыҵниа.
Ашәҟәы ацәа асахьа ҭихит асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа.