Гладков дрыдышшылеит Урыстәыла Аԥсны раԥхьатәи ацҳаражәҳәаҩс иҟаз Игор Ахба иҭаацәа
17:53 18.08.2026 (ирҿыцуп: 18:13 18.08.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 18 — Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладкови ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәеи Игор Ахба иԥсҭазаара иалҵра инамаданы адышшылара ҟарҵеит.
"Аԥсны иҟоу урыстәылатәи адипломатиатә хаҭарнакра аусзуҩцәа аӡәырҩы — Игор Мураҭ-иԥа дырдыруеит Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа рыҿиараҿы зхатә лагала ду ҟазҵаз дипломатк иаҳасабала", — аҳәоит адышшыларатә шәҟәаҿы.
77 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит аԥсуа политикатә усзуҩы, "Ахьӡ-Аԥша" аорден II, III аҩаӡарақәа занашьаз, Урыстәыла иҟоу Аԥсны раԥхьатәи ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба.
Ахба — цҳаражәҳәаҩыс дҟаҵан 2008 шықәса рзы, Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра аназханаҵа ашьҭахь. Иара адипломатиатә хаҭарнакра напхгара аиҭон 13 шықәса инареиҳаны.