Латипов ахәшьара аиҭеит адронқәа ржәылараан Урыстәылеи Аԥсни еицымҩаԥырго ауснагӡатәқәа
10:20 19.08.2026 (ирҿыцуп: 10:42 19.08.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 19 — Sputnik. Урыстәылеи Аԥсни еицымҩаԥырго ауснагӡатәқәа ирылдыршоит адронқәа ржәылараан аҳәааҿы ашәарҭадара аиҿкаара ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы Рустам Латипов.
Иара иажәақәа рыла, Шәача аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рзы ашәарҭарара ыҟоуп ҳәа рылаҳәараан АҬ "Ԥсоу" аусура ааныркылоиь, убри аамҭазы аҳәаахьчаратә маҵзурақәа аҳәаа иахысуа атәылауаа ршәарҭадара аԥҵаразы аоперативтә уснагӡатәқәа рыдыркылоит.
Латипов иазгәеиҭеит урыстәылатәии аԥснытәии аҳәаахьчаратә усбарҭақәа реинырра хра аманы ишыҟоу, ицәырҵуа ашәарҭарақәа ианаамҭоу рықәҿыҭра шалнаршо.
АҬ "Ԥсоу" — Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара адгьылмҩас иҟоу ҭыԥ заҵәык ауп. 60 нызқьҩык рҟынӡа акурорттә сезон ашыкьымҭаз аурыс-аԥсуа ҳәаа иахысуеит.