Ацәыргақәҵа "Арҿиаратә триптих" аатит "Хаб Маяк" аҿы
16:50 19.08.2026 (ирҿыцуп: 18:21 19.08.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 19 — Sputnik. Ацәыргақәҵа "Арҿиаратә триптих" аатит "Хаб Маяк" аҿы.
Аекспозициа еиднакылоит асахьаҭыхыҩцәа, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҟазара афакультет арҵаҩцәа Аида Аџьԥҳа, Аксана Барзаниаԥҳа, Мактина Гогьиаԥҳа русумҭақәа.
Апроект анапхгаҩы Михаил Қриа Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, асахьаҭыхыҩцәа дасу лхатә хәаԥшышьеи, исахьарку лдунеии, иуникалтәу лсахьаркыратә ҟазшьеи аалырԥшуеит. Еиуеиԥшым асахьаркыратә бызшәақәа хԥа еидкылоуп шықәсырацәалатәи аиҩызареи, аусеицуреи, авторцәа иааиԥмырҟьаӡакәа рзанааҭтә диалоги рыла ҳәа азгәеиҭеит иара.
"Апроект акомандазы ихадоуп — Алашарбага Ахылаԥшҩы иҩны анаадырт ашьҭахь, араҟа акультуратә хҭысқәа рацәаны иахьцәырҵуа. Урҭ аҭааҩцәа Аԥсны ҳаамҭазтәи аҟазара ддырдыруеит, асахьаҭыхыҩцәадареи ишиашоу реиԥыларазы алшара рырҭоит", — азгәеиҭеит Қриа.
Иара иазгәеиҭеит "Арҿиаратә триптих" Ахылаԥшҩы иҩны ақалақь зыԥсы ҭоу, иаарту культуратә ҵакыраны иаанхарц азы даҽа шьаҿаны ишыҟало.

1/3
© telegram sputnik_apsny_info

2/3
© telegram sputnik_apsny_info

3/3
© telegram sputnik_apsny_info
1/3
© telegram sputnik_apsny_info
2/3
© telegram sputnik_apsny_info
3/3
© telegram sputnik_apsny_info