Алиса Гыцԥҳа V жәларбжьаратәи лмузыкатә еицлабратә-лабораториа аиҿкаара иалацәажәеит
16:41 20.08.2026 (ирҿыцуп: 17:42 20.08.2026)

© Sputnik / Мария Девахина
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 20 — Sputnik. Алиса Гыцԥҳа жәларбжьаратәи лмузыкатә еицлабратә-лабораториа академиатә вокалтә ҟазара ахаҭарнакцәеи аконцертмеистерцәеи рзы есышықәсатәи проектуп. Азыҳәақәа рыдкылара хыркәшахоит цәыббра 30 рзы.
Аԥсны Жәлар рартистка Алиса Гыцԥҳа лажәақәа рыла, лара аицлабратә-лабораториа иалахәу артистцәа ртехникатә ҟазара мацара акәӡам хшыҩзышьҭра зылҭо. Акраҵанакуеит арҿиамҭа ишазыҟоу, астиль шеилыркаауа, абызшәақәа шырдыруа, ихадоу — асценахь изцәырҵуа ахьырдыруа, ауаа ирарҳәарц ирҭаху шеилыркаауа роуп.

Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артистка Иана Иванилова Аҟәа-Москва авидеоеимадара аан иазгәалҭеит, аицлабра ажиури алахәылацәа ахәаԥшцәа рырхьаԥшра зылшо ахатә хаҿра абара ишашьҭоу.
Аицлабратә-лабораториа алахәылацәа ирынаҭо алшарақәа рзы игәаанагара иҳәеит аицлабрақәа руак агран-при занашьоу, Урыстәыла атеатр Дуи Москватәи атеатр "Аопера Ҿыци" рлахәыла Валери Макаров.
Иара иазгәеиҭеит, аҳаҭыртә шәҟәқәа анрырҭалак ашьҭахь зегьы ахьхыркәшахо, егьырҭ амузыкатә еицлабрақәа иреиԥшымкәа, Гыцԥҳа леицлабратә-лабораториа артистцәа ҿарацәа, анаҩсгьы еиуеиԥшым аилахәырақәа аус рыцура, Урыстәыла арегионқәа рҿы рықәгылара шалнаршо.
II ааицлабраҿ гран-при занашьаз Софиа Сақаниаԥҳа, Макаров иажәақәа шьақәлырӷәӷәеит. Иазгәалҭеит алахәхара лара лзы азанааҭтә ԥсҭазаарахь ҵаҵӷә дуны ишыҟалаз.
2026 шықәсазы аицлабра ҩ-етапкны имҩаԥгахоит. Ажиури алахәылацәеи иааԥхьоу аекспертцәеи аҵәҭаԥсареи аҟазара-классқәеи назлоу рфиналтә тур мҩаԥгахоит Москва 2026 шықәса жьҭаара 13-15 рзы.
Аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа ашьҭахь, жьҭаарамза 27, 2026 шықәса рзы Аҟәа, Аԥсуа театр асценаҿы еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы имҩаԥгаз аицлабра алауреатцәа злахәу аиубилеитә концерт мҩаԥгахоит.