https://sputnik-abkhazia.info/20260821/1065110294.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Тҟәарчал ақалақь астратегиатә ҿиаразы агәыԥ аԥырҵоит.Абри азы ақәҵара инапы аҵеиҩит араион ахада Герман Каҷараа. Аексперт-аналитикатә, аконсультативтә... 21.08.2026, Sputnik Аҧсны
2026-08-21T13:01+0300
2026-08-21T13:01+0300
2026-08-21T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/08/15/1065110128_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_dca02c2576b16c8e84056fc5b1bfb572.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Тҟәарчал ақалақь астратегиатә ҿиаразы агәыԥ аԥырҵоит.Абри азы ақәҵара инапы аҵеиҩит араион ахада Герман Каҷараа. Аексперт-аналитикатә, аконсультативтә, апроекттә усбарҭа ҿыц аус аулоит ахадараҿы.Агәыԥ аилазаара азиндырҩцәа, аурбанистика, аҭыԥтә планҟаҵара, аекономика, амедиа-коммуникациақәа рганахьала аспециалистцәа радԥхьалара азԥхьагәаҭоуп иҳәеит араион ахада активи атәыла ахада Бадра Гәынбеи реиԥылараан. Аԥшьгамҭа аҳәаақәа ирҭагӡаны, араион ахада Бадра Гәынба Тҟәарчал астратегиатә ҿиара агәыԥ Ҳаҭыр зқәу лахәылак иаҳасабала далаларц идигалеит.
Ҳара ҳҿаԥхьа иқәҳаргылеит ахыдҵа — Тҟәарчал аҿиара иазыманшәалоу амҩақәа рыԥшаара иҳәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба Тҟәарчал актив рԥылараан."Ақалақь ҿиаӡом уи аинфраструктура ҟамлар, иқәынхо ауааԥсыра уалафахәыла еиқәумыршәар. Атәыла анапхгара иҳадаҳкылеит ихымԥадатәиу ашьаҿақәа араион аҿиаразы. Урҭ ируакуп амҩахадақәа реиҭашьақәыргылара", — ҳәа азгәаиҭеит атәыла ахада.Бадра Гәынба иҳәеит, Тҟәарчал ауааԥсыра радԥхьалара инаваргыланы, амҩатә еиҭашьақәыргыларатә усурақәа араион аекономика аҭышәынтәаларагьы иацхраауеит ҳәа.
2026 шықәсазы Тҟәарчал араион абиуџьет ахашәалахәы 102% рыла инагӡоуп ҳәа Аԥсны ахада дызлаху араион актив аилатәараҿы иҳәеит Тҟәарчал ахада Герман Каҷараа. Аплантә рбага 172,5 млн мааҭ ҳәа аҟазаараан, фактлатәи алагалақәа 175,2 млн мааҭ рҟынӡа инаӡеит.Араион ахатәы хашәалахәқәа 117% рыла еиҳахеит. 22,2 млн мааҭ ҳәа аплан аҟазаараан, абиуџьет ахь инеит 26,1 млн мааҭ. Аизҳара 4 млн мааҭ рҟынӡа инаӡеит.Абиуџьет аныхратә хәҭа фактла анагӡара 175,8 млн мааҭ артәеит. Каҷараа иажәақәа рыла, ахарџьқәа зегьы 70% инареиҳаны абиуџьеттә усхк аусзуҩцәа руалафахәы рызшәара, аматериалтә цхыраара, атәылауаа асоциалтә цхыраагӡақәа ирзырхахоит.
2026 шықәсазы 63,5 млн мааҭ инареиҳаны ареспубликатә биуџьет аҟынтәи, Тҟәарчал араион аҿы аргылара-ремонттә усурақәа ирзоужьын.Иара убасгьы, ихыркәшоуп ақалақь аҩнеихагылақәеи ашколқәа ҩбеи рҿы ахыбқәа реиҭашьақәыргылара. Урҭ ареспубликатә биуџьет аҟынтәи 148,2 млн мааҭ рыхҭынҵан."Ақәа аԥхасҭа знаҭоз жәаҩыла Тҟәарчал аҭаацәарақәа, иԥхоу, ишәарҭадоу ауадақәа роуит. Ақалақь анхарҭатә фонд аилабгара иацәаҳахьчоит, шықәсырацәалатәи ҳауаажәлар рыбзазаратә уадаҩрақәа аԥаҳхуеит", — иҳәеит араион ахада Герман Качараа.
Тҟәарчал ақалақь астратегиатә ҿиаразы агәыԥ аԥырҵоит.Абри азы ақәҵара инапы аҵеиҩит араион ахада Герман Каҷараа. Аексперт-аналитикатә, аконсультативтә, апроекттә усбарҭа ҿыц аус аулоит ахадараҿы.Агәыԥ аилазаара азиндырҩцәа, аурбанистика, аҭыԥтә планҟаҵара, аекономика, амедиа-коммуникациақәа рганахьала аспециалистцәа радԥхьалара азԥхьагәаҭоуп иҳәеит араион ахада активи атәыла ахада Бадра Гәынбеи реиԥылараан. Аԥшьгамҭа аҳәаақәа ирҭагӡаны, араион ахада Бадра Гәынба Тҟәарчал астратегиатә ҿиара агәыԥ Ҳаҭыр зқәу лахәылак иаҳасабала далаларц идигалеит.Ҳара ҳҿаԥхьа иқәҳаргылеит ахыдҵа — Тҟәарчал аҿиара иазыманшәалоу амҩақәа рыԥшаара иҳәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба Тҟәарчал актив рԥылараан."Ақалақь ҿиаӡом уи аинфраструктура ҟамлар, иқәынхо ауааԥсыра уалафахәыла еиқәумыршәар. Атәыла анапхгара иҳадаҳкылеит ихымԥадатәиу ашьаҿақәа араион аҿиаразы. Урҭ ируакуп амҩахадақәа реиҭашьақәыргылара", — ҳәа азгәаиҭеит атәыла ахада.Бадра Гәынба иҳәеит, Тҟәарчал ауааԥсыра радԥхьалара инаваргыланы, амҩатә еиҭашьақәыргыларатә усурақәа араион аекономика аҭышәынтәаларагьы иацхраауеит ҳәа. 2026 шықәсазы Тҟәарчал араион абиуџьет ахашәалахәы 102% рыла инагӡоуп ҳәа Аԥсны ахада дызлаху араион актив аилатәараҿы иҳәеит Тҟәарчал ахада Герман Каҷараа. Аплантә рбага 172,5 млн мааҭ ҳәа аҟазаараан, фактлатәи алагалақәа 175,2 млн мааҭ рҟынӡа инаӡеит.Араион ахатәы хашәалахәқәа 117% рыла еиҳахеит. 22,2 млн мааҭ ҳәа аплан аҟазаараан, абиуџьет ахь инеит 26,1 млн мааҭ. Аизҳара 4 млн мааҭ рҟынӡа инаӡеит.Абиуџьет аныхратә хәҭа фактла анагӡара 175,8 млн мааҭ артәеит. Каҷараа иажәақәа рыла, ахарџьқәа зегьы 70% инареиҳаны абиуџьеттә усхк аусзуҩцәа руалафахәы рызшәара, аматериалтә цхыраара, атәылауаа асоциалтә цхыраагӡақәа ирзырхахоит.2026 шықәсазы 63,5 млн мааҭ инареиҳаны ареспубликатә биуџьет аҟынтәи, Тҟәарчал араион аҿы аргылара-ремонттә усурақәа ирзоужьын.Иара убасгьы, ихыркәшоуп ақалақь аҩнеихагылақәеи ашколқәа ҩбеи рҿы ахыбқәа реиҭашьақәыргылара. Урҭ ареспубликатә биуџьет аҟынтәи 148,2 млн мааҭ рыхҭынҵан."Ақәа аԥхасҭа знаҭоз жәаҩыла Тҟәарчал аҭаацәарақәа, иԥхоу, ишәарҭадоу ауадақәа роуит. Ақалақь анхарҭатә фонд аилабгара иацәаҳахьчоит, шықәсырацәалатәи ҳауаажәлар рыбзазаратә уадаҩрақәа аԥаҳхуеит", — иҳәеит араион ахада Герман Качараа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/08/15/1065110128_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_6372f399180ddbbd09ae6e6cd68272df.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио