https://sputnik-abkhazia.info/20260821/1065119692.html
Бадра Гәынба Урыстәыла Аԥсны раԥхьатәи ацҳаражәҳәаҩ наӡаӡа абзиараз ҳәа иаҳәараз днеит
Бадра Гәынба Урыстәыла Аԥсны раԥхьатәи ацҳаражәҳәаҩ наӡаӡа абзиараз ҳәа иаҳәараз днеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, нанҳәа 21 — Sputnik. Бадра Гәынба Урыстәыла иҟаз Аԥсны раԥхьатәи ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба наӡаӡа абзиараз ҳәа иаҳәараз днеит.Аҳәынҭқарра ахада адипломат... 21.08.2026, Sputnik Аҧсны
2026-08-21T15:58+0300
2026-08-21T15:58+0300
2026-08-21T16:46+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/08/15/1065119533_0:0:1280:720_1920x0_80_0_0_6ea4be5bbb97fab5672d18092af95c3a.jpg
АҞӘА, нанҳәа 21 — Sputnik. Бадра Гәынба Урыстәыла иҟаз Аԥсны раԥхьатәи ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба наӡаӡа абзиараз ҳәа иаҳәараз днеит.Аҳәынҭқарра ахада адипломат иҭаацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит ҳәа аанацҳаит атәыла ахада ипресс-маҵзура.Игор Ахба аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара иазкны аграждантә панихида мҩаԥысит иахьа Аҟәа.Аԥсуа политикатә усзуҩы, адипломат, "Ахьӡ-Аԥша" аорден II, III аҩаӡарақәа занашьоу, Урыстәыла иҟаз Аԥсны раԥхьатәи ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба иԥсҭазаара далҵит нанҳәа 18 рзы, 77 шықәса дшырҭагылаз.
https://sputnik-abkhazia.info/20260818/1065054909.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/08/15/1065119533_160:0:1120:720_1920x0_80_0_0_32afe0979b046ebc70b2cd5ed12eb0fd.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Бадра Гәынба Урыстәыла Аԥсны раԥхьатәи ацҳаражәҳәаҩ наӡаӡа абзиараз ҳәа иаҳәараз днеит
15:58 21.08.2026 (ирҿыцуп: 16:46 21.08.2026) АҞӘА, нанҳәа 21 — Sputnik. Бадра Гәынба Урыстәыла иҟаз Аԥсны раԥхьатәи ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба наӡаӡа абзиараз ҳәа иаҳәараз днеит.
Аҳәынҭқарра ахада адипломат иҭаацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит ҳәа аанацҳаит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
"Изанааҭдырраҳарак, Аԥсны гәык ала иазыҟазаареи, ҳтәылазы ихадоу ахырхарҭаҿы шықәсырацәалатәи иусуреи наунагӡа аԥсуа дипломатиа аҭоурыхи ҳажәлар ргәалашәареи рҿы иаанхоит", — ҳәа азгәеиҭахьан уаанӡа Гәынба.
Игор Ахба аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара иазкны аграждантә панихида мҩаԥысит иахьа Аҟәа.
Аԥсуа политикатә усзуҩы, адипломат, "Ахьӡ-Аԥша" аорден II, III аҩаӡарақәа занашьоу, Урыстәыла иҟаз Аԥсны раԥхьатәи ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба иԥсҭазаара далҵит нанҳәа 18 рзы, 77 шықәса дшырҭагылаз.