https://sputnik-abkhazia.info/20260822/tsakha-zam-ash-yaam-ankhara-akhchatsa-asapati-atsakhei-iryzkny-1065060947.html
"Цаԥха зҿам ашә ыҟаӡам": анхарҭа ахьчаҩцәа асапати ацаԥхеи ирызкны
"Цаԥха зҿам ашә ыҟаӡам": анхарҭа ахьчаҩцәа асапати ацаԥхеи ирызкны
Sputnik Аҧсны
"Цаԥха зҿам ашә ыҟаӡам" рҳәоит, уи агьиашоуп. Аусурашҟа, ма ухатә усқәак рырманшәала уҿанынаухо, уахьынхо ҩнума-уадоума ашә ныдҵаны "аҷараҳәа" ацаԥха... 22.08.2026, Sputnik Аҧсны
2026-08-22T17:52+0300
2026-08-22T17:52+0300
2026-08-22T17:52+0300
аԥсны
аԥсны
жәлар рдоуҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0b/01/1042389329_0:191:2961:1857_1920x0_80_0_0_9dc2b7e9c3a62356490087a9bd8b1477.jpg
"Цаԥха зҿам ашә ыҟаӡам" рҳәоит, уи агьиашоуп. Аусурашҟа, ма ухатә усқәак рырманшәала уҿанынаухо, уахьынхо ҩнума-уадоума ашә ныдҵаны "аҷараҳәа" ацаԥха науркуеит. Уааиаанӡа унхара ахьчара анапы инануҵоит "ауаҩ кьаҿ гәашәхьча" ҳәа ззырҳәо ацаԥха. Анацәеи анацәхыԥи шеизшо иаҩызоуп асапатгьы ацаԥхагьы. Аҭоурых уагәылаԥшуазар, раԥхьаӡа ицәырҵит амҿтәы сапатқәа, анаҩс аметалли аихеи ирылхыз, иахьа аелектронтә хырхарҭа змоу ацаԥхақәеи асапатқәеи рҟынӡа ҳааӡахьеит. Ҳазлацәажәо арҭ аҩ-маҭәаркгьы цәырҵит ауаа рҭахрақәа инарықәыршәаны, "рыжәҩа еибыҭа" ауаҩы имал, имазара, дзыхӡыӡаауа амаҭәарқәа рыхьчара иазхиоуп. Хара ацара аҭахым. Ҳазҭоу ашәықәсазы аҳҭнықалақь аԥшаҳәаҿы имҩаԥысуаз ажрақәа рҿы ҳера ҟалаанӡа II-IV ашәышықәсақәа ирыҵаркуа, абҩа иалхыз римтәи ацаԥха-мацәаз ԥшаан. Археологцәа ишышьақәдыргылаз ала ас еиԥш иҟаз ацаԥхақәа рыла иаадыртуан акы зҭоуҵәахышаз ачықьмаџьа хәыҷқәа (азгә. "шкатулки"). Ацаԥхеи асапати ажәаԥҟақәа рҿыАжәлар рхара хәыцра, рҟәышра иреизыркәкәарҭоуп ажәаԥҟақәа. Урҭ реилазаашьаҿы аеҵәеиԥш ишаԥшаԥуа иалуԥаауеит уара ухы иаурхәарц иуҭахәу. Ус анакәха иааҳгап аҿырԥштәқәа: Аԥхыӡқәа рдунеи"Амазара ахьчаҩцәа" асапати ацаԥхеи аԥхыӡқәа рдунеи аҟны цәгьеи-бзиеи еилыргаҩцәоуп. Маҷк ҳҽыргәылаҳхалап аҿырԥштәқәа: Жәлар рҳәамҭакАшәҟәыҩҩы Мушьни Миқаиа иеизга "Тур ихәаа ражәабжьқәа" адаҟьақәа ирнылеит акыр шықәса еидикылоз ҳажәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа. Урҭ ируакуп "Цәыцак азна аӡы" захьзу аҳәамҭа кьаҿ. Ҳазхьаԥшып иара: "Дыҟазаарын уаҩ беиак. Уи аԥаразы оумашәаӡа иԥсы цәгьазаарын. Иаашар иеихатәы шәандыҟәра дҭатәаны иԥарақәа иԥхьаӡозаарын. Ҽнак, иԥарақәа иԥхьаӡарц ашәандыҟәра аартны дынҭалан, дҭатәаны иԥарақәа шиԥхьаӡоз, дгәырӷьацәан, ишьапы анааиҟьа, ашәандыҟәра ашә акит. Мышк ҵит, ҩымыш ҵит, ари ауаҩ дымлаго далагеит. Аҵыхәтәан, зынӡа аԥсрахьы ихы анирхаӡа: – Анаџьалбеит, ча-саки, ҵәыцак азна аӡи сымазар, егьсмыхьыргьы ҟаларын. Изысҭахузеи, иабасыхәо сышьҭахь иаанхо ахьы, – иҳәан, ихы игәырҩатәха, иԥсы кыдышәшәо, акымзарак имыхәоз ахь ҩежь днахыԥсаа дцеит".
https://sputnik-abkhazia.info/20260816/umaa-ay-tsa-ialukhua-iubazar-atsamaa-akhyei-zhlar-razgaaraei-ry-1064884738.html
https://sputnik-abkhazia.info/20260726/ayzba-utsyyzsha-khy-iubazar-ayzba-aritualei-akhyei-ry-1064594684.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0b/01/1042389329_115:0:2846:2048_1920x0_80_0_0_c4aec178d6d70dbc74d86636dd599906.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
аԥсны, жәлар рдоуҳа
"Цаԥха зҿам ашә ыҟаӡам" рҳәоит, уи агьиашоуп. Аусурашҟа, ма ухатә усқәак рырманшәала уҿанынаухо, уахьынхо ҩнума-уадоума ашә ныдҵаны "аҷараҳәа" ацаԥха науркуеит. Уааиаанӡа унхара ахьчара анапы инануҵоит "ауаҩ кьаҿ гәашәхьча" ҳәа ззырҳәо ацаԥха.
Анацәеи анацәхыԥи шеизшо иаҩызоуп асапатгьы ацаԥхагьы.
Аҭоурых уагәылаԥшуазар, раԥхьаӡа ицәырҵит амҿтәы сапатқәа, анаҩс аметалли аихеи ирылхыз, иахьа аелектронтә хырхарҭа змоу ацаԥхақәеи асапатқәеи рҟынӡа ҳааӡахьеит. Ҳазлацәажәо арҭ аҩ-маҭәаркгьы цәырҵит ауаа рҭахрақәа инарықәыршәаны, "рыжәҩа еибыҭа" ауаҩы имал, имазара, дзыхӡыӡаауа амаҭәарқәа рыхьчара иазхиоуп.
Хара ацара аҭахым. Ҳазҭоу ашәықәсазы аҳҭнықалақь аԥшаҳәаҿы имҩаԥысуаз ажрақәа рҿы ҳера ҟалаанӡа II-IV ашәышықәсақәа ирыҵаркуа, абҩа иалхыз римтәи ацаԥха-мацәаз ԥшаан. Археологцәа ишышьақәдыргылаз ала ас еиԥш иҟаз ацаԥхақәа рыла иаадыртуан акы зҭоуҵәахышаз ачықьмаџьа хәыҷқәа (азгә. "шкатулки").
Ацаԥхеи асапати ажәаԥҟақәа рҿы
Ажәлар рхара хәыцра, рҟәышра иреизыркәкәарҭоуп ажәаԥҟақәа. Урҭ реилазаашьаҿы аеҵәеиԥш ишаԥшаԥуа иалуԥаауеит уара ухы иаурхәарц иуҭахәу. Ус анакәха иааҳгап аҿырԥштәқәа:
Амаӡа асапат аҿазароуп. Имаӡоу жәабжьк, уск аӡәы ианумеида ацәахышьа уақәшәазароуп. Убри ауп иҳабжьнаго ари ажәаԥҟа.
Ацаԥха хәыҷы ашә ду аанартуеит. Ауаҩы ҩнуҵҟала дзакәу узымдырыкәа, иоура-иҭбаара рымацарала ихә умшьароуп. Урыла иаҩцам, аха згәырҵҟәыл бзиоу изынархоу ажәаԥҟоуп.
Анасыԥ ашәындыҟәра иҭоуп, ацаԥхақәа ажәҩан иқәыршәуп. Ҳазшаз ауаҩы иразҟы даниуа "илахь ианиҵоит" уи узацәцом, ухатәы насыԥгьы ануԥыло иара аамҭазоуп ҳәа ҳабжьызго жәаԥҟоуп.
Аԥарала иаатуа ашә рацәоуп, аха ацаԥха анаркуам. Амали аԥареи иурҭо алшарақәа рацәоуп, амала ауаҩреи агәаҭа цқьеи малла иузҿыхәҳауам.
Цаԥха змам ашәындыҟәра зегь ҭаԥшуеит. Имхәыцкәа ицәажәо, зыбз ззымӡырҩуа, амаӡа зызныҟәымго ауаҩы – џьоукы-џьоукы гызмалрыла рхы дадырхәоит.
"Амазара ахьчаҩцәа" асапати ацаԥхеи аԥхыӡқәа рдунеи аҟны цәгьеи-бзиеи еилыргаҩцәоуп. Маҷк ҳҽыргәылаҳхалап аҿырԥштәқәа:
Ацаԥха агәҭа еиҩшьазшәа уеиԥхыӡзар, аԥсҭазаараҿы еиҭакра бзиақәак ҟалоит.
Асапат мчыла иаауртуазар, аҩнаҭаҿы агәырҩа иатәуп.
Асапат ԥхасҭахазар – аԥсҭазаараҿы аиҭакра ҵоурақәа иртәуп.
Асапат злаауртуа ацаԥха анымаалазар, аҭаацәа рыҩнуҵҟа аҳәатәеиқәымшәара иамааноуп.
Ԥхыӡла аԥҳәызба ҳамҭас ацаԥха лырҭазар - анасыԥ иазҳәоуп
Ԥхыӡла ацаԥха каршәны иубазар, аманшәалара, агәырӷьара иатәуп.
Ҩ-цаԥхак кны иубар – акыраамҭа угәы иҵхоз азҵаара аӡбара иатәуп.
Ашәҟәыҩҩы Мушьни Миқаиа иеизга "Тур ихәаа ражәабжьқәа" адаҟьақәа ирнылеит акыр шықәса еидикылоз ҳажәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа. Урҭ ируакуп "Цәыцак азна аӡы" захьзу аҳәамҭа кьаҿ. Ҳазхьаԥшып иара:
"Дыҟазаарын уаҩ беиак. Уи аԥаразы оумашәаӡа иԥсы цәгьазаарын. Иаашар иеихатәы шәандыҟәра дҭатәаны иԥарақәа иԥхьаӡозаарын. Ҽнак, иԥарақәа иԥхьаӡарц ашәандыҟәра аартны дынҭалан, дҭатәаны иԥарақәа шиԥхьаӡоз, дгәырӷьацәан, ишьапы анааиҟьа, ашәандыҟәра ашә акит. Мышк ҵит, ҩымыш ҵит, ари ауаҩ дымлаго далагеит.
Аҵыхәтәан, зынӡа аԥсрахьы ихы анирхаӡа: – Анаџьалбеит, ча-саки, ҵәыцак азна аӡи сымазар, егьсмыхьыргьы ҟаларын. Изысҭахузеи, иабасыхәо сышьҭахь иаанхо ахьы, – иҳәан, ихы игәырҩатәха, иԥсы кыдышәшәо, акымзарак имыхәоз ахь ҩежь днахыԥсаа дцеит".