00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
18:00
31 мин
18:30
31 мин
21:00
31 мин
21:30
31 мин
08:00
30 мин
08:30
30 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
30 мин
On air
18:00
31 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Умаҭәа аӡы цқьа иалухуа иубазар": ацәамаҭәа аԥхыӡқәеи жәлар разгәаҭарақәеи рҿы

CC0 / / Гардероб
Гардероб - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.08.2026
Анапаҵаҩра
Ауаҩы дзырԥшӡо, мреи хьҭеи дырцәызыхьчо ацәамаҭәа ган рацәала дазааҭгылоит Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Есыҽнытәи ҳаԥсҭазаара иахәҭаку, ауаҩы ирԥшӡара, иҩнуҵҟатәи идунеи, икультура, иааӡара зныԥшуа хархәагоуп ацәамаҭәа. Амаҭәа "ахы иамеигӡа" амра анаӷьу ҳцәа ахьчоит, ақәа анауа ҳахнаҩоит, ахьҭа анаҿоу ҳарԥхоит, абасала "аҩбатәи ацәа" афункциа нанагӡоит.
Аԥсуа идоуҳатә ԥсҭазаара иахәҭакуп уи ишәҵеи иҟәынҵеи. Амаҭәала ауаҩы иҽеилеиҳәоит, дарԥхоит, ахьҭа дацәнахьчоит, аха уи амацаразы акәмызт аԥсуа изиҭахыз: амаҭәа ҽырбаган иҽаладирбон, амаҭәа цәа-ҩычаган. Убри азы уи иман андәылҵга маҭәа, нас аҩны ишәиҵозгьы.
Осень встретила дождем  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.06.2025
Аԥсны
"Аҵыс аӡаӡа ажәуа ианалага": аарҩареи аӡысаамҭеи азырбо жәлар разгәаҭарақәа
Ашәҟәыҩҩы, "Аԥсуара азышәаҳәаҩ" Никәала Ҳашыг истатиақәа, иусумҭақәа, иочеркқәа еидызкылаз иеизга "Аԥсуара ашьаҭақәа" аҿы иҩуеит: "Аԥсуа иман ихатәы маҭәа: иеиқәа ишьапы иаадшәало, икьаҿ, ираӡны маҟа ақәҵаны; аԥхын, иласу ахылԥа гьежь ихеиҵон, асахҭан еимаа аимсы нақәҵаны, ишьеиҵон. Аласа иалхны ирԥон, ирсуан, идрапон акәмызцәа. Уи аӡын азы аиқәеи, акьаҿи, ахылԥа гьежьи рылырхуан. Ирӡахуан ахҭырԥа. Кавказаа ирзеиԥшу акәымжәи акабеи, араӡны маҟеи, ауапеи. Ус шакәугьы, урҭ аԥсуаа дара ргьамала иӡахны, рхатәы вариантқәа рыман".

Ацәамаҭәеи аԥхыӡқәеи

Ацәамаҭәа аԥхыӡқәа рҿы еиуеиԥшым адыррақәа узаадыртыр рылшоит, иаагозар, ахаҵа ԥхыӡла аҵкы идыршәало ибар – дзырԥхашьаша уск дақәшәоит.
Иара убасгьы:
Ԥхыӡла аиқәаҵәа зшәу рыниара – гәалсрак ахьыҟоу ақәшәара иазҳәоуп.
Амаҭәа аарҳәны, ма иҟьашьны иудыркызар – узырԥхашьаша уақәшәоит.
Маҭәа ҿыцк уеиԥхыӡыр – ибзиоу уск иазҳәоуп.
Амаҭәажәқәа ушәҵаны укәашауа ԥхыӡ иубар – иуаҩсхьоу ҽыԥныҳәак еиҭаугәаладыршәоит.
Иушәу амаҭәа азганк уаӷрагыло убар – уус еилыргатәыс изықәнагам ируҭоит.
Аԥсы дыбзаны, маҭәа ҿыцла деилаҳәаны дубар – дзыжәлантәыз гәалсрак иақәшәоит.
Уеиқәа ҿыц кылҵәҵәаны уеиԥхыӡыр – унапы злаукран иҟаз уск лыҵшәадахоит.
Умаҭәа аӡы цқьа иалухуа иубар – уззыԥшыз аус азы абзиа уаҳауеит.
Ԥхыӡла аиқәаҵәа зшәу рыдышшылара – иузааигәам ирызку ажәабжь хьанҭа уаҳауеит.
Уеиқәа ҩ-рҽырсҭак анны аиԥхыӡра – уԥшәма улыԥсахуеит.
Аԥхын ӡны маҭәала аҽеилаҳәара уеиԥхыӡыр – ибзиоу уск удыргалоит.
Маҭәа ҿыцла уеилаҳәаны, асаба уқәтата абара амаҵура ҿыц аҟны аиқәымшәара иамааноуп.
Выставка Союза оружейников в ЦВЗ - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.07.2026
Аԥсны
"Аҳәызба уцәыӡызшәа ԥхыӡ иубазар": аҳәызба аритуалқәеи аԥхыӡқәеи рҿы

Ажәлар разгәаҭарақәа рахьтә

Амаҭәа шушәу иуӡахуазар, ухы акы ықәуҵароуп, мамзар иҵасым рҳәоит.
Амра ҭашәаанӡа аԥшқа имаҭәақәа аҩныҟа иҩнаумгалар, ахәыҷы джьамкуеит ҳәа рҳәоит.
Амаҭәа шушәу аӡахра бзиам "агәхашҭра ҵугоит" рҳәоит.
Аԥсы данеибырҭо уаанӡа иԥсхьаз рзыҳәангьы амаҭәақәа ицҭарҵоит, избанзар "иаҳзааугеи" ҳәа иԥылоит рҳәоит.
Ахаҵа данышьҭало иеиқәа ихахьы иқәиҵар бзиам, "аԥхыӡ бааԥс" ибоит рҳәоит.

Ажәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭак

Ҳаныхәыҷыз ахәылԥҵарақәа рааигәа ҳамнеирц ҳрыцәдыршәон "шәхәахәы ма шәымаҭәа иалапар, амхра цәгьахоит" ҳәа. Убас акәын амыӷ азгьы "иуҿасыр, уцәнаӷьӷьоит – амаҭәа иазгагоуп" ҳәа ҳгәы ҳҽанырҵон.
Ацәамаҭәа лаԥшықәҵаны измоу ахәылԥҵыси, амаӷи, урҭ рҩыза аӡҭаси атәы ҳазҳәо алакә аниҵахьан аҵарауаҩ Симон Џьанашьиа. Ҳтема цәгьа иақәҿнаҭуеит, ҳазхьаԥшып иара:
"Зны ахәылԥҵыси, амаӷи, аӡҭаси еицәажәеит аба ҭирҭа хыртрацы. Ахәылԥҵыс аԥсаатәқәа рахь ицаны аԥара рацәаны иаԥсахит. Нас ахәылԥҵыси, амыӷи, аӡҭаси еиманы ицеит мшын-нырцә ихәаахәҭрацы. Иманшәаланы ихәаахәҭит мшын-нырцә. Иаархәаз аба зегьы аӡҭас иақәырҵеит, зегьы еиманы амҩа иқәлеит. Ишааиуаз, амҩаны аӡҭас ҩхыбыкьын, амшын иалаҳаит аба. Аба амшын ианӡааҳала, аԥсыӡ илбаанадеит. Иҟарҵахуааз, иқәланы аҩныҟа иааит. Аҩны иахьааиз, убас рыӡбеит, аӡҭас иа́дырҵеит: аба зфаз аԥсыӡ ԥшааны, амгәа иҭнахрацы. Убри азыноуп аӡҭас аӡыҷҷақәа рҟны аӡы изҭасуа, аба зфаз аԥсыӡ сыԥшаауеит ҳәа. Ахәылԥҵыс ҽынла изцәырымҵуа убри ауп: ауалҳәаҩцәа иркыр ҳәа ишәоит. Амаӷ ауаҩы имаҭәа закуа, имаҭәа изашьҭоу – еилнакаауеит, рба згаз иакәу-иакәму".
Астатиа аиқәыршәараҿы хархәара азун Витали Ҳараниа ишәҟәы "Ашацәа рылԥха".
Ажәабжьқәа зегьы
0