00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
13:00
30 мин
13:30
30 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
31 мин
21:00
30 мин
21:30
31 мин
08:00
30 мин
08:30
32 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Газдановаа", "Аԥсыҳарам", "Отелло": Нхыҵ-Уаԥстәылатәи атеатр Аԥсны агастрольқәа

© Foto / Аԥсуа драматә театр адаҟьа аҟынтәиНхыҵ-Уаԥстәылатәи атеатр Аԥсны агастрольқәа
Нхыҵ-Уаԥстәылатәи атеатр Аԥсны агастрольқәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.08.2026
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 23 рзы Аҟәа иаатит Нхыҵ-Уаԥстәылатәи атеатр агастрольқәа. Ҭҳаԥсаев ихьӡ зху атеатр раԥхьатәи ахәылԥаз азы иаҳнарбеит "Газдановаа" захьӡу быжьҩык аишьцәа Аџьынџьтәылатәи аибашьра ду аан иҭахаз рҭоурых иазку ақәыргыламҭа. Аспектакль иалагаанӡа асценахь ицәырҵыз арежиссиор, атеатр асахьаркыратә напхгаҩы иҳәеит "ари аҭоурых - зегьы иаҳзеиԥшу темоуп" ҳәа.

Газдановаа

Нхыҵ-Уаԥстәылатәи атеатр иҳаднагалаз атрагедиа аҿы ан лроль ихәмаруаз Жәлар рартистка Жанна Габуева иланаршьахьан "Иреиӷьу актриса аԥҳәыс лроль азы" афестиваль "Театр Победы" анымҩаԥысуаз. Ииашаҵәҟьаны, лара лхаҿсахьа акәша-мыкәша акәын уи аҭоурых гәыҭшьаага асценаҿы ишеиҿкааз. 2020 шықәса раахыс Ҭҳаԥсаев ихьз зху атеатр иахагыло арежиссиор, актиор, Ареспубликаҿы Жәлар рартист ҳәа ахьӡ зҽаԥсазтәыз, иарп убас Ҟабарда- Балкариа аҟазара зҽаԥсазтәыз артист Гиви Валиев иҳадигалаз аусумҭа ихыркӡоу гьамала инагӡоуп ҳҳәар ауеит.
Ҳара аспектакльқәа ҳанрыхәаԥшуа агәыԥшаара шамаха иаҳзаанагом, аха Валиев иусумҭа аԥсуа хәаԥшцәа рылаӷырӡ аанагеит. Атеатруаа ишырҳәо еиԥш, даара аԥштәы бзиа аман ақәыргыламҭа, иубоит атруппа актиорцәа рганахьала ишмаџьанам, арежиссиор асцена ҭырҭәааны ақыҭауаа еиуеиԥшым рҟазшьақәа цәыригоит. Нхыҵ-Уаԥстәыла Жәлар рпоет Тотраӡ Кокаев ипиесала иқәыргыло "Газдановаа" иаҳнарбоит аибашьра ду иаҵаз аԥсыҭбарақәа ирыцыз ахьаақәа зхызгаз ан лхаҿсахьа. Валиев ҩынтәуп аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аԥсны испектакльқәа иманы даауеижьҭеи, убри аҟынтә сиазҵааит аԥсуа хәаԥшцәа анырра ироуа дшазхәыцуа. "Ахәаԥшцәа еснагь иҭабуп рҳәоит, аха аус злоу идурбо закәу ауп", - саҭеикит арежиссиор исҭаз азҵааразы. Анаҩсан, ажәыларақәа ахьыҟам аибашьра атема иазку адрама аспектакль алхра мариа усума ҳәа санҵаа абас иҳәеит: "Аибашьра хьаа ӷәӷәала изхызгаз анацәа роуп, урҭ еиҳа рхьаа ҵаулоуп. Ари аспектакль анацәа зегь рҿаԥхьа ахырхәара иаҩызоуп".
Ииашаҵәҟьаны, аспектакль нҵәоит ан лбаҟа ала. Уи арежиссиор иахьатәи ҳаамҭахьы ихьарԥшны иҟаиҵеит. Анҵәамҭаҿы игылоуп быжьҩык зԥацәа ҭахаз ан илызку амемориал. Арежиссиор уи иадигалоит аныҟәарақәа мҩаԥызго аҿар уи аҭоурых шырзеиҭарҳәо ҳзырбо асцена маҷқәа. Аспекталь аҿы ан лроль назыгӡоз актриса Жанна Габуева лыкәша-мыкәша имҩаԥысуеит ахҭысқәа рӷьыраӡак. Арежиссиор илшеит ихьанҭоу адрама, амузыкеи, асахьанҵақәеи, актриса лырҿиаратә мчхарақәеи еинрааланы, азал аҿы итәаз ауаа ахәыцра хьанҭақәа рыдгалара.
Арежиссиор иааирԥшит, аибашьра аамҭазы аҳәса рҟәаҟәа ишықәло ахьанҭара зегьы, ахаҵа уси, аԥҳәыс уси еилагӡо, еибашьра ицаз рԥацәа рхьаа адкыланы аидара анагара шырқәашьхаз. Валиев иааиарԥшит ан лзы лыҷқәынцәа еснагь ишхәыҷқәоу, убри аҟынтә, еснагь еибашьра ицаз арԥарцәа ирывагылан ахәыҷра - еиҵбацәаӡаз маҭәа шкәакәала еилаҳәаз артистцәа рыла иаарԥшын уи. Даара иалкаатәу сценоуп ан - Габуева афото-альбом данагәылаԥшуа. Ҳәарада, уи арежиссиор иихәыцыз сценоуп, аха актриса лыԥсабра иашьашәаланы иҟаиҵеит. Абри адагьы иалыскаарц сҭахуп Габуева анаҩстәи лԥа данҭаха, уи атрагедиа лшьара данықәнарҟьа, ажәак мҳәаӡакәа лгәынқьра шаалырԥшыз. Уи иаҳнаробоит Кавказ анацәа рыџьабашьа, рҵәуашьа. Лара дшеилаҳәо, ашәы шныҟәылго уҳәа ҳара ҳанацәа даара дреиԥшын.
Атеатрҭҵааҩ Светлана Қәарсаииаԥҳа аспектакль ахҳәаа алҭеит Аԥсуа театр адаҟьаҿы. Хаҭала актриса Жанна Габуева лыхәмарра абас дахцәажәеит: "Даара сыхнахит лынагӡашьа. Ицәырылгоз аемоциақәеи, илнубаалоз агәыҭбаареи џьашьахәын".
Аспектакль иаанарԥшуеит ауаԥс жәлар ркультура, иныҟәырго атрадициақәа, уахь иаҵанакуеит ҳәарада излахәмаруа рбызшәа. Атеатр гастроль ҳасабла ианцо, хымԥада, рмилаҭтә культура зныԥшуа аспектакль ргоит, абраҟа ауаԥсқәа ртеатр иреиӷьыз арҿиамҭа шҳаднагалаз азы ҩашьара ыҟам ауха иаҳбаз аспектакль ахҳәаа аҳҭозар. Исҳәарц сылшоит, ари аспектакль ишаиуз аԥсуа хәаԥшҩы ибзиабара, уи аарԥшын ианынҵәа еихымсыӷьуаз анапеинҟьабжьқәеи, алаӷырӡ иарцәаакыз аблақәеи рыла.
Ас еиԥш иҟоу агастрольқәа рҵакы дууп, Нхыҵ-Уаԥстәылеи Аԥсни ремадарақәа урызхәыцуазар. Гиви Валиев Sputnik Аԥсны арадио аҿы данықәгылаз ишиҳәаз еиԥш, Аԥсни Нхыҵ- Уаԥстәылеи рыбжьара ицҳаражәҳәаҩцәоуп Ҭҳаԥсаев ихьӡ зху атеатр. Асовет аамҭазы урҭ ахҭысқәа уарла-шәарлан, ари атеатр 50 шықәса раԥхьа иаахьан гастроль ҳасабла ҳамҳәозар. Светлана Қәарсаииаԥҳа иҟалҵаз ахҳәаа сазыгьежьуазар, даара ахә ҳаракны илшьеит Ҭҳаԥсаев ихьӡ зху атеатр ақәгылара: "Иаҳдырбеит имариам аамҭазы ҳшынхо, насгьы аибашьра закәу. Аибашьра иаҿагыло спектакльуп сҳәар ауеит "Газдановаа". Аҟазара ҳаракы имариаӡоушәа убоит, убри азоуп ахәаԥшцәа изеилыркаауагьы. Исгәалашәом шьҭа ианыкәу аспектакль аҿы санҵәыуоз, аха иахьа сылаӡырӡқәа ааит".
Абхазский государственный драматический театр им. Самсона Чанба - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.08.2026
Нхыҵ-Уаԥстәылатәи атеатр агастрольқәа Аԥсны ихацыркуп

Лермонтов "Аԥсыҳарам"

Нхыҵ-Уаԥстәылатәи Ҭҳаԥсаев ихьӡ зху атеатр аҩбатәи амш азы иҳаднагалеит Михаил Лермонтов ипоема "Аԥсыҳарам" (Демон) иалху аспекталь. Ари апоема Мушьни Лашәриа аԥсшәахь еиҭеигахьан "Аԥсыҳарам" ҳәа. Аԥсуа аурыс жәар аҿы ақаҷаа ҳәа анызаргьы, Лашәриа ивариант еиҳа иалыскаауеит. Лермонтов ипоема драматә ҩымҭам, уи аспектакль алхразы даара аҽазышәара аҭахуп. Арежиссиор Роман Габриа ихаҭа иҩит атеатр азы аинсценировка, асценографиагьы авторс иамоу иара иоуп. Ақәыргылаҩ иҿаԥхьа ишьҭан имариамыз аӡбатәы, апоезиа ацәа аҟәынны адрама ақәыргылара. Жәа-шықәса инарзынаԥшуа Лермонтов иҩуаз апоема ашьҭкаарагьы ус имариам – аиқәаҵәеи ашкәакәеи, даҽакала иаҳҳәозар агәыҭбаареи агьангьашреи реидыслара иазкуп. Аԥсҭазаара ҳазхәыцуазар, иара Габриа иқәиргылазгьы иаанарԥшуеит ҩ-ганкы реидыслара иахьагьы аҭыԥ шамоу.
Нанҳәа 24 руха С. Ҷанба ихьӡ зху атеатр ҭҭәаан ахәаԥшцәа рыла, актәи аспектакль "Газдановаа" абзырӡы аныҟала, аҩбатәигьы иаднагалаз рацәаҩуп. Аспектакль ахи аҵыхәеи ҳирдыруеит абер-амҩаԥгаҩ Нхыҵ-Уаԥстәыла Жәлар рартист Алан Албегов. Аиашазы, иара иажәабжьеиҭаҳәашьа аспектакль аструктура иалкьыкьуамызт. Габриа иқәыргыламҭа аберҭыԥ иадҳәалоуп еиҳарак. Убас ираҳаҭран асценографиа аҿаԥшра, ахыбра аҩнуҵҟатәи аҭынчра уатәанатәуан аԥарда анаатлакгьы. Ари аспектакль аҿгьы игәауҭон заҟа асена амаршәа кны еиҿкааз асцена маҷқәа. Иҟамызт аилаҭырра мыцхәы. Лермонтов иажәа уаԥс бызшәала даара амузыка зҵоу текстын. Агьангьашреи агәыҭбаареи ахьеиҿагылаз аспектакль аҿы, Тамара лроль назыгӡоз актриса Амина Агкацева даара аемоциақәа ззырҳәо зыԥсабара иалоу, апластика шьахә ныҟәызго актрисоуп. Лара ҳара даҳбахьан 2024 шықәсазы ари атеатр гастроль ҳасабла ианааз аспектакль "Акрал Лир" (Шекспир) аҿы. Уаҟа иналыгӡон ҩ-рольк – Лир иԥҳа аиҵби ақьачақьҩи. Усҟангьы лыхәмарра збахьаз, даҽазныгьы агәра ҳлыргеит збаҩхатәра ҳараку актрисаны дшыҟоу. "Газдановаа" аҿы аемоциақәа еиҳа рышьҭыбжь маҷызҭгьы, Габриа иусумҭаҿы ҳара даҳбоит ацқьара ныҟәызго, аха Аԥсыҳарам дызхарахаз аԥҳәызба лыҭра даныҭҟьо даара атеатртә сахьаркыратә гьамала иназыгӡо актриса.
Аспектакль аԥштәы ҳалацәажәозар, асцена ҩычан аиқәара иаманакуа. Аберцәа ракәзар, ииашахаҭоу ауахәама амаҵ азызуа ракәны асцена аҟынтәи азал иҩныслон. Ҭҳаԥсаев ихьӡ зху атеатр агастрольтә политика шыҟоу ҳалацәажәозар, раԥхьатәи ахәылԥаз азы иҳадыргалеит амилаҭтә драматургиа, аҩбатәи аан аурыс классика, ахԥатәи аҳәаанырцәтәи.
Лермонтов ифилософиатә поема атәы сҳәозар, амузыкеи, анагӡашьеи рыла даара ауаԥсқәа рмилаҭ ацәа ахан. Уи рымаурҽхәар ауеит дара. Аспектакль иадгалаз асимвол ҳазхьаԥшуазар – асценаҿы иқәгылан аҽы. Убри иаанагон аиқәаҵәеи ашкәакәеи ирхаҭарнакыз ауаа. Иҟаӡамызт асценаҿы имыцхәыз акгьы, ахәаԥшҩы акы дахызгоз. Асиужет аиҭаҳәара аҭахны избом, аха иара Аԥсыҳарам ироль назыгӡоз актиор Ацамаз Кочиев ифырхаҵа трагедиатә хаҿсахьаны, абзиабара иашьҭоу, аха ақаҷаа иԥсабра изазымиааиз уаҩны дааирԥшуеит. Иааидкыланы, аспектакль астиль бзиа аман, апоезиа ацәаҩа мырӡкәа иҟаҵан. Аспектакль анынҵәа ахәшьара бзиа азҭаз ахәаԥшцәа, акыраамҭа актиорцәа аурыжьуамызт ацена аҟынтәи.
Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Сырбеи Сангәлиа аспектакль ашьҭахь игәаанагара иҳәеит: "Аҩымҭа даараӡа иуадаҩуп. Ҳәара аҭахума ақәыргылара агәаӷьрагьы цәгьан. Шамахамзаргьы атеатрқәа рҿы иқәдыргылаӡом азы атрадициа амаӡам. Уа имҩаԥысуа ахҭысқәа шыҟоу ала, аформа азыԥшаамзар, аҵакы зегьы инарҭбааны алацәажәара, аарԥшра уадаҩуп. Сара сгәанала иқәзыргылаз арежиссиор иазиԥшааит асценатә мҩа, аҩымҭаҿы ихадароу, ҵакыс иамоу ахәаԥшҩы иҟынӡа инеиртә еиԥш иҟоуп. Актиорцәа рыхәмаршьагьы сгәаԥхеит, акы заҵәык џьара-џьара инеиҵыхцәома уҳәо иҟан. Ауаҩы ихьысуа иҟан аспектакль. Уархәыцуан, угәаҿы инеиртә еиԥш, угәы архыҭхыҭыртә еиԥш иҟаҵан".
  Маленький принц с участием Сергея Безрукова - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.07.2026
"Еиҭах ҳаибабоит": Сергеи Безруков ифестиваль "Ахәыҷтәы фестиваль Ду аныҩбжьы"

Отелло

Шекспир итрагедиа "Отелло" ала ихнаркәшеит Ҭҳаԥсаев ихьӡ зху ауаԥс театр агастрольқәа. Амшцәагьы иннамыклеит аԥсуа хәаԥшцәа, убри аҟынтә адунеитә классика збарц зҭахыз шырацәаҩыз убон. Ари аспектакль ықәиргылеит Гиви Валиев. Аклассика иахьа иаларгалоит аҿыцрақәа, иҟоуп имодоу атенденциақәа. Иубоит ақәыргылаҩгьы урҭ аҿыцрақәа ҳәа изышьҭоу Шекспир итрагедиа аҿы раарԥшра иҽшазишәаз. Имӡакәаны исҳәоит, ари аспектакль атеатртә естетикатә гәаҳәара ду шыснамҭаз. Ара еилаԥсоуп –абалет, ареп уҳәа ижьымдырны аспектакль иалыҳәҳәо ахәҭаҷқәа. Убри аамҭазы атеатр асценаҿы ицәырҵуан ишьахәыз Кассио (А. Ӡигоев), Иаго (Жәлар ратист А. Албегов), Родриго (Т. Гуцаев). Арҭ рыхҩыкгьы рыхәмарра уаунашьҭуамызт. Еиҳаракгьы, даара апластика бзиаӡеи, агармониа зцыз арҿиаратә ԥсабареи ааирԥшуан артист Ӡигоев (Кассио). Отелло ироль ихәмаруаз аҟазара зҽаԥсазтәыз артист А. Тигиев дхәыдан узҳәомызт, аха ҳара ҳаззыԥшыз анырра дуӡӡа ҳаиҭеит ҳәа аҳәарагьы сцәыуадаҩуп. Арҿыцрақәа мап рцәызкуа хәаԥшҩуп сызҳәом схазы, аха Дездемона (Ф. Сикоева) лбалеттә партиақәа зынӡа иаҭахымзар ҟаларын. Асцена аҟынтәи актриса даартны, лыбзиабара иацрадырсуа агьангьашрақәа ртәы лхылҿы ианубаало иҟамызт.
"Отелло" аԥсуа театр аҭоурых аҿы хьтәы нбанла иануп, уи ҳара ҳшахаанымгьы аӡбахә ҳаҳахьеит, еиҳаракгьы Л. Касланӡиа Отелло ироль шынеигӡаз ахәшьара ду арҭахьеит атетрҭҵааҩцәа. Иара Нхыҵ-Уаԥстәыла акәзаргьы, атеатр зыхьӡ аху В.Ҭҳаԥсаев Отелло ироль иссирӡаны иназыгӡаз ҳәа дыршьоит.
Аамҭеиԥш атеатрқәагьы рҽырыԥсахуеит, арҿиаҩцәа ирымоуп азин амҩа ҿыцқәа рыԥшааразы, аха зегь акоуп аклассикатә мҩа инамыцхәны ацрасра иаԥсамзар ҟалап. Урыстәыла аҟазара зҽаԥсазтәыз артист, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, арежиссиор Адгәыр Ақаҩба абас иҟоу ахҳәаа азиуит аформа ҿыцқәа дышрыхәаԥшуа азы азҵаара анисҭа: "Сара ирацәаны избахьеит ари атрагедиа еиуеиԥшым аинтерпретациақәа. Уаха иаҳбаз аҩызагьы аҭыԥ амазар ауеит. Ҳаамҭа иақәшәо аспектакль ажәытә цәаныррақәа ирызкны анагӡара ус бзиоуп. Асценограф иусумҭа, иара убас Отелло, Иаго, Родриго уҳәа рыҟазаара хшыҩзышьҭра ауҭар ауеит. Сара исзымхаз атәы сҳәозар, артистцәа ремоциақәа аперсонажцәа иртәны иахьыҟамыз ауп".
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0