00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
13:00
30 мин
13:30
31 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
08:00
30 мин
08:30
30 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
30 мин
On air
18:00
31 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ацәқәырԥақәа еиҩзырффо": аӷба ажәаԥҟақәеи аҳәамҭақәеи рҿы

© Sputnik / Sputnik / Томас Ҭҳаиҵыкә"Ацәқәырԥақәа еиҩзырффо": аӷба ажәаԥҟақәеи аҳәамҭақәеи рҿы
Ацәқәырԥақәа еиҩзырффо: аӷба ажәаԥҟақәеи аҳәамҭақәеи рҿы - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.08.2026
Анапаҵаҩра
Амшын ҵаула иацәымшәо, ацәқәырԥақәа еиҩырффа ԥхьаҟа ицо аӷба ажәаԥҟақәеи аҳәамҭақәеи рҿы ишаныԥшуа шәаԥхьарц шәылшоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.
Аҷнышқәа еилаԥыруа изху амшын ҭбааҭыцә ацәқәырԥақәа еиҩырффо аӷба цоит ԥхьаҟа иӡсо. Ауаа мшынгәыла рныҟәара, атәылақәа реиҭанеиааира, реилахәаахәҭра алыршахоит "ԥсыӡҵас" амшын иҭоу аӷбақәа рыла.
Открытие фестиваля  кузнецов  Аихамца - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.02.2025
Аԥсны
"Аџыр ԥыршәоит амцаҿы, аҩызара – ацәгьараҿы": аҩыза дазырбо ажәаԥҟақәа

Аӷбеи ажәаԥҟақәеи

Аԥсуа бызшәа жәаԥҟала еинҭәылоуп, урҭ рхархәара уажәаҳәа гәылдырҭәаауеит. Аҵарауаҩ нага Шьалуа Инал-иԥа иҩуан:
"Ажәаԥҟа ԥҟароуп, ахьыршәыгә иаҩызоуп, акы узацҵом, акы узагырхом, ажәакьаҿла исахьаркны аду аҳәоит. Ажәаԥҟақәа рҟны еизыркәкәаны иҟоуп ажәлар рҟәышра, рыхшыҩ ду, ҵҩа змам рыԥсҭазаара, рҭоурыхтә ԥышәа. Урҭ амилаҭтә культуреи, аҟазареи, аҭоурыхи рзы ибаҟа дууп".
Ажәаԥқәақәа реилазаарахьтә иалҳаҟәшәап иахьатәи атема иақәҿызҭуа:
"Ауаҩы ихә ӷба иҭаӡом"; "Ауаҩы ихә ӷба иакуам" — гәыкала иҟоу, даҽаӡәы изы цәгьа зымуа, цәгьа зымҳәо ауаҩ бзиа хәы имаӡам.
"Ҩыџьа акаԥданцәа рыӷба ӡааҟәрылоит" — ҩнаҭоума, аусураҿоума иззыӡырҩуа, зҳәатәы иқәныҟәо аӡә дрымазароуп, аиҳабацәа анырацәахалак, аус ԥхьаҟа изцаӡом.
"Аӷба иҭаз сцом ҳәа амазгәыҭ дахьынҳалон" — иҟамлар ԥсыхәа змам аус уаҿагылар, саԥырхагахоит ҳәа уалагар абас рҳәоит (азгәаҭа "амазгәыҭ" урысшәала "мачта").
"Аӷба ҟазҵаз ауардын ҟазҵаз дџьеишьон"; "Аӷба ҟазҵаз акалаҭ ҟазҵаз дџьеишьон"; "Аӷба ҟазҵаз амҵәышә ҟазҵаз дџьеишьон" — аибарҽхәара, агәышьҭыхра ҟазшьа змоу жәаԥҟақәоуп.
"Аҳәынаԥқәа нсырҵәоит ҳәа аӷба ӡаазырҟәрылаз еиԥш" — ауадаҩра зыхҟьаз цқьа еилымкааӡакәа аҭыԥ иқәысҵоит ҳәа иалагаз, аха еиҳагьы иԥхасҭазтәуа изҳәоу жәаԥҟоуп.
Шторм в Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.07.2024
Аԥсны
"Ажәлар луанытә иқәыԥсычҳар, амшын ҭанарбоит": амшыни амшынтә леқсикеи зныԥшуа ажәаԥҟақәа

Аӷбеи ауаҩи реиҿырԥшра аҟынтә:

"Аӷба шахеиԥш ичҳара ӷәӷәоуп" — ҳәа изырҳәоит иҟәыӷоу, хара ихәыцуа, ачҳара змоу ауаҩы.
"Дахьҳамоу аӷба иҭоу ҳаиҩызоуп", "Дыӷбаны дҳамоуп", "Аӷба еиԥш ҳиқәгәыӷуеит" — зҭаацәа, зиашьара, зыуаажәлар цәгьароума-бзиароума аӷьараҳәа ирывагылоу ауаҩы еиҿамс абас изырҳәоит.

Нои иӷба ԥсеиқәырхага

Адунеи ахьынӡанаӡааӡо иахыҵәахьеит аӡхыҵра бааԥс аныҟалаз аамҭа иатәу, "Нои иӷба" иазку абиблиатә ҳәамҭа.
Анцәа ауаа ҟьашьит, рхымҩаԥгашьа ҽеим, ихәаԥсеит ҳәа дрызгәааны, ақәа аруны, аӡхыҵра ҟаҵаны адунеи ирыцқьарц ақәикит. Адунеизегьтәи аӡхыҵра аламҭала Нои дыцқьоуп, гәнаҳа ҟаимҵац, ачҳареи алаӡареи зманы иҟоу иоуп ҳәа дыԥхьаӡаны иҭаацәеи иареи ахеиқәырхара азин риҭеит. Аӡхыҵра злаихигаша аӷба ҟаҵаны, ԥстәи-ԥсаатәи, ԥсы зхоу зегьы ракака аӷба аҭагалара инапы ианын.
Убас, Ноии иԥшәмеи, хҩык иԥацәеи иҭацацәеи аӷба иақәтәеит, ԥсы зхоу зегьы ракака рыманы. Ҩынҩажәа мшы иааиԥмырҟьаӡакәа ицоз ақәоура адунеизегь ықәнаӡәӡәааит. Убри ашьҭахь Нои иӷба иҭартәаны еиқәирхаз ирхылҵыз роуп иахьа адунеи иқәу, ҳарҭ ауаагьы Нои иҭаацәа ҳархылҵышьҭроуп рҳәоит.
Сестры Гварамия из села Тхина - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.07.2026
Аԥсны
"Аӡыршы иацәшәаз амца дақәԥалт": амца иахҳәаау ажәаԥҟақәеи азгәаҭарақәеи
Иахьабалак еиԥш аԥсуаа рҿгьы, Нои аӡхыҵра ду аан аӷба ҟазҵаз, ауааи аԥстәқәеи иааҟоу зегьы рыжәла еиқәзырхаз иакәны даабоит.
Аӡхыҵра иазку аҳәамҭақәа аԥсуа ҿырԥштәқәак рҿы аԥстәы — акамбашь иҷыдоу аҭыԥ амоуп.
Нои аӷба ҟаҵаны жәла мырӡгаз аԥстә хкқәа зегьы иманы дандәықәла, акамбашьқәа ихашҭзаап. Уи ангәеиҭа, аӷба аӡы ихыланы иӡсо акыр инаскьахьан. Ирыцҳаишьан, Нои Анцәа диҳәеит, цхыраарак рыҭаны еиқәирхарц. Анцәа уи иажәақәа аниаҳа, акамбашьқәа ӡсо аӡы ихыланы аӷба иашьҭаланы ицартә дрықәныҳәеит.

Аԥхыӡқәа рдунеи ахьтә:

Аӷба амшын ихны уеиԥхыӡзар, иузцәырҵуа ауадаҩрақәа риааира иазҳәоуп.
Аӷба уҭаны, иузымдыруа ауаа рацәа урылазар, аманшәалара иатәуп.
Уаҩ дызҭам аӷба уеиԥхыӡзар, уԥсҭазаараҿы мҩа ҿыцк ылухуеит.
Жәлар рдоуҳа: Ҭодуаԥҳа ажәаԥҟақәа рҵакы аԥсуаа рҿы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.11.2021
Арадио
Жәлар рдоуҳа: Ҭодуаԥҳа ажәаԥҟақәа рҵакы аԥсуаа рҿы
Ажәабжьқәа зегьы
0