"Диоскуриа" раԥхьаӡакәны Аҟәа астанциа "Гәыма" аҟынӡа инаӡеит
18:03 01.09.2026 (ирҿыцуп: 19:08 01.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Сириусынтәи Аҟәаҟа афымцадәыӷба "Диоскуриа" аусура иаладыргеит лаҵарамза 1, 2025 шықәса рзы.
АҞӘА, цәыббра 1 — Sputnik. "Диоскуриа" раԥхьаӡакәны Аҟәа астанциа "Гәыма" аҟынӡа инаӡеит.
"Аԥснытәи аихамҩақәа" апассаџьырцәа рмаҵзура анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Емир Агрба иҳәеит уаанӡа адәыӷба Аҟәатәи авокзал аҟынӡа ишныҟәоз, иахьа иахьнеиша аҭыԥ ҿыц аҟынӡа раԥхьатәи ареис қәҿиарала ишымҩаԥысыз. Амаршрут ацҵара ргәы иҭоуп астанциа Кьалашәыр аҟынӡа 2027 шықәса лаҵарамзазы.

Апассаџьырцәа ирԥылеит апианинорҳәаҩы Ольга Нарманиа иналыгӡоз аклассикатә музыкеи афуршети рыла. Урҭ иара убасгьы иахәаԥшит "Гәыма" аҿы еиҿкааз Ольга Дружининеи Елена Сидори рҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа "Аҟәарақәа рыхьчаҩцәа".
"Аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа" асасцәа ҳамҭас ирынаҭеит ареспублика иазку ашәҟәқәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Станислав Лакәаба, Миха Лакрба, Даур Наҷҟьебиа, Ольга Воицеховскаиа-Брендель, Анатоли Лагәлаа, Владимир Занҭариа рырҿиамҭақәа.