Ҭамара Шьаҟрылԥҳа диижьҭеи 100-шықәса аҵра иазку II жәларбжьаратәи аԥхьарақәа аатит Аҟәа
12:11 02.09.2026 (ирҿыцуп: 12:52 02.09.2026)

© Sputnik / Бадрак Авидзба
Анапаҵаҩра
Ҭамара Шьаҟрылԥҳа – аҵарауаҩ-абызшәадырҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩы диит цәыббра 2, 1926 шықәсазы.
АҞӘА, цәыббра 2 — Sputnik. Аҵарауаҩ, ауаажәларра-политикатә усзуҩ Ҭамара Шьаҟрылԥҳа диижьҭеи 100-шықәса аҵра иазку II жәларбжьаратәи аԥхьарақәа аатит Аҟәа.
"Ҭамара Платон-иԥҳа лыԥсҭазаареи лырҿиамҭеи ҳанрылацәажәо, лаҳәшьа Екатерина Платон-иԥҳа, лаб, лаб иашьа ртәы ҳамҳәар ауам. Урҭ зегьы аԥсуа ҭҵаарадырра адагьы ажәлар рдоуҳатә культура аиқәырхареи аҿиареи рхыҵхырҭаҿы игылан", — ҳәа аусмҩаԥгатә аартуа иазгәеиҭеит Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор Арда Ашәба.
Ҭамара Шьаҟрылԥҳа 50 инареиҳаны аҭҵаарадырратә статиақәеи амонографиақәеи дравторуп. Уи адагьы Ҭамара Шьаҟрылԥҳа дазықәԥон аԥсуа жәлар рзинқәа рыхьчара. Еицырдыруеит 1952 шықәсазтәи аиҳәшьцәа Ҭамареи Екатеринеи Шьаҟрылԥҳацәа ВКП(б) XIX аизара Ду Апрезидиуми хаҭала Сталини рахь иаарту ашәҟәы шырҩыз. Ашәҟәаҿы аԥсуа школқәа раркреи аԥсышәала аҵара азин аҟамҵареи ишрықәшаҳаҭмыз атәы арбан.
Владислав Арӡынба иусԥҟала атәыла ахьыԥшымразы ақәԥараҿы иаалырԥшыз агәымшәара дуи афырхаҵареи рзы данҭаха ашьҭахь "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ ланашьоуп.
Бадра Гәынба II жәларбжьаратәи Шьаҟрылаа рыԥхьарақәа раартраахь иааишьҭыз ашәҟәы даԥхьеит аԥыза-министр Владимир Делба.
Гәынба иазгәеиҭеит Ҭамара Шьаҟрылԥҳа аԥсуа бызшәа асинтаксиси аморфологиеи, абызшәадырра афилософиатә проблемақәеи рыҭҵаараҿи, иара убас амилаҭ-хақәиҭратә қәԥараҿи ллагала.

"Ҭамара Шьаҟрылԥҳа хаҵаҵас аԥсуа жәлар рбызшәеи, ркультуреи, рмилаҭтә ҷыдареи реиқәырхаразы ирымаз азин ахьчара дадгылон. Уи лпатриотизмра, лыпринципра, Аԥсны ахь лыбзиабара ҳажәлар рҭоурыхтә гәалашәара иахәҭакхеит", — ҳәа аҳәоит атекст аҿы.
Делба хаҭала ҭабуп ҳәа реиҳәеит аԥхьарақәа ирылахәу аԥснытәии урыстәылатәии аҵарауаа.
"Хымԥада, Ҭамара Платон-иԥҳа лыҭҵаарадырратә усура раԥхьа иргыланы апатуқәҵареи, жәаҳәарада, жәларбжьаратәи азхаҵареи иаԥсоуп", — иҳәеит иара.
"Хымԥада, Ҭамара Платон-иԥҳа лыҭҵаарадырратә усура раԥхьа иргыланы апатуқәҵареи, жәаҳәарада, жәларбжьаратәи азхаҵареи иаԥсоуп", — иҳәеит иара.