Аӡы анашьҭраз Речхә ақыҭан амагистралтә ӡымҩангага аҩбатәи ацәаҳәа ахархәара аиуеит
12:06 04.09.2026 (ирҿыцуп: 13:36 04.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 4 — Sputnik. Аӡы анашьҭраз Речхә ақыҭан амагистралтә ӡымҩангага аҩбатәи ацәаҳәа ахархәара аиуеит.
Уи иалнаршоит Гал араион зегьы аҿы еиҳа уақәгәыӷыртә еиԥш ӡыла аиқәыршәара алыршара: атрубақәа руак аҿы авариа ҟалар аӡы анашьҭра аҩбатәи ахь ииаргар алшоит.
Макьаназы Акапиталтә ргылара аусбарҭа аргыламҭа хадақәа рахь амҩа арыцқьареи аиҭашьақәыргылареи иаҿуп. Уи хымԥадатәиуп ашықәс зегьы атехника ҷыдеи амаҵзуратә усзуҩцәеи уахь рнеира алыршаразы.
Цәыббрамза нҵәаанӡа аусурақәа рхыркәшара ргәы иҭоуп ҳәа аанацҳауеит "Гал-Медиа". Уи инаваргыланы Галтәи аӡыршьҭра аҟазауаа аӡымҩангага аҩбатәи ацәаҳәа ашьҭаҵара рҽазыҟарҵоит.
Аремонт мҩаԥысуеит ӡыла аиқәыршәара аанкыламкәа, ақалақь ауааԥсыра аӡы рызнеиуеит.