https://sputnik-abkhazia.info/20260906/1065429294.html
Тҟәарчал араион Акәын-иашҭа ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥахь уназго амҩаҿ аӡымҭҟьар лбааит
Тҟәарчал араион Акәын-иашҭа ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥахь уназго амҩаҿ аӡымҭҟьар лбааит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, цәыббра 6 — Sputnik. Тҟәарчал араион Акәын-иашҭа ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥахь уназго амҩаҿ аӡымҭҟьар лбааит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада актәи... 06.09.2026, Sputnik Аҧсны
2026-09-06T16:18+0300
2026-09-06T16:18+0300
2026-09-06T17:34+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
тҟәарчал араион
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/06/1065429478_0:223:405:450_1920x0_80_0_0_83b1b33461887bd5de3210fcaf8374ce.jpg
АҞӘА, цәыббра 6 — Sputnik. Тҟәарчал араион Акәын-иашҭа ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥахь уназго амҩаҿ аӡымҭҟьар лбааит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Леон Чачхалиа."Ари ахырхарҭа атуристцәа ирылаҵәаны иҟоуп. Уажәы ҳнаплакыҩцәа атехника хьанҭа ахархәарала амҩа дрыцқьоит. Уи хымш-ԥшьымш раҟара аҭаххоит", — иҳәеит Чачхалиа.Чачхалиа иазгәеиҭеит, Акәын-иашҭа аҵакыраҿ ҩ-ӡиак шыҟоу, руак ԥсабаратәым — иҟаҵаз ажраҿы ишьақәгылеит.Аҭыԥахь анеира уадаҩуп, амшын аҩаӡара 2 700 метра рҟынӡа аҳаракыраҿы ишьҭоуп.Аҭыԥ ахь амҩа Аҟармареи тҟәарчалтәи аӡхыҽҽақәеи иҩахыкны ицоит.
тҟәарчал араион
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/06/1065429478_0:185:405:488_1920x0_80_0_0_ba698007a72188ec044811e2a8275d72.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, тҟәарчал араион
ажәабжьқәа, аԥсны, тҟәарчал араион
Тҟәарчал араион Акәын-иашҭа ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥахь уназго амҩаҿ аӡымҭҟьар лбааит
16:18 06.09.2026 (ирҿыцуп: 17:34 06.09.2026) АҞӘА, цәыббра 6 — Sputnik. Тҟәарчал араион Акәын-иашҭа ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥахь уназго амҩаҿ аӡымҭҟьар лбааит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Леон Чачхалиа.
"Ари ахырхарҭа атуристцәа ирылаҵәаны иҟоуп. Уажәы ҳнаплакыҩцәа атехника хьанҭа ахархәарала амҩа дрыцқьоит. Уи хымш-ԥшьымш раҟара аҭаххоит", — иҳәеит Чачхалиа.
Чачхалиа иазгәеиҭеит, Акәын-иашҭа аҵакыраҿ ҩ-ӡиак шыҟоу, руак ԥсабаратәым — иҟаҵаз ажраҿы ишьақәгылеит.
Аҭыԥахь анеира уадаҩуп, амшын аҩаӡара 2 700 метра рҟынӡа аҳаракыраҿы ишьҭоуп.
Аҭыԥ ахь амҩа Аҟармареи тҟәарчалтәи аӡхыҽҽақәеи иҩахыкны ицоит.