Еицырдыруа амузыкантцәа афестиваль "Пицундатәи ауарӷантә хәылԥазқәа- 2026" иалахәхоит
11:25 08.09.2026 (ирҿыцуп: 14:01 08.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 8 — Sputnik. Еицырдыруа амузыкантцәа афестиваль "Пицундатәи ауарӷантә хәылԥазқәа- 2026" иалахәхоит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Лука Гаделиа.
Санкт-Петербургтәии Москватәии аҳәынҭқарратә консерваториа ауарӷани клавесини ркафедрақәа реиҳабацәа Даниель Зарецкии Рубин Абдуллини ықәгылоит.
"Даара игәахәароуп аамҭа ахьырыԥшааз, ҳфестиваль аҿы асолотә концертқәа ахьымҩаԥырго", — иҳәеит Гаделиа.
Иара убас, ахәаԥшцәа рҿаԥхьа иқәгылоит аҭыԥантәи ашәаҳәаҩцәа — аскрипкарҳәаҩы Емилиа Терзиан-Ҳагбеи асаксофонист Адам Ҳагбеи.
Афестиваль аатит цәыббра 7 рзы. Афестиваль ахыркәшаратә мшы аҽны, цәыббра 11 асааҭ 17:00 рзы имҩаԥгахоит Лука Гаделиа исолотә концерт, асааҭ 20:00 рзы агала-концерт.