Амигрантцәа Урыстәыла иҟарҵо ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара иаалырҟьаны илаҟәит
12:19 10.09.2026 (ирҿыцуп: 13:53 10.09.2026)

© Sputnik / ФСБ РФ
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 10 — Sputnik. Амигрантцәа Урыстәыла иҟарҵо ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара иаалырҟьаны илаҟәит.
2025 шықәсазы 41 нызқь цәгьоура азгәаҭазар, 2026 шықәса актәи азыбжазы — 14,5 нызқь роуп иазгәаҭоу, 40% рыла еиҵоуп ҳәа Владимир Путин изеиҭеиҳәеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра атәылауаҩра азҵаарақәа рзы Амаҵзура аиҳабы Андреи Кикот.
Иара иҳәеит 800 000-ҩык аҳәаанырцәуаа амиграциатә закәанԥҵара шеиларгаз, хылаԥшра зырҭо ахаҿқәа рсиа ишаларгалаз, азинеилагарақәа ҟазҵаз 197 000-ҩык Урыстәылатәи Афедерациа алалара азин шрымху.
Есышықәса Урыстәылаҟа иаауеит 9 млн рҟынӡа аҳәаанырцәуаа, аамҭакала атәылаҿы иҟоуп 6-6,5 млн ҳәа аҳәоит ажәахә аҿы. 3 млн рҟынӡа џьатә мигрантцәоуп, даҽа 1,7 млн — урҭ рҭаацәарақәа рлахәылацәа роуп, егьырҭ – ахатәы хықәкқәа зманы иааз астудентцәа, атуристцәа, ахатәхаҿқәа роуп.