Аԥсни ДЖәР-и Екатеринбург АЖәР адәқәа рҿы аусеицуразы амеморандум рнапы аҵарҩит
21:00 14.09.2026 (ирҿыцуп: 21:59 14.09.2026)

© Sputnik / Кирилл Зыков
Анапаҵаҩра
Екатеринбург афестиваль мҩаԥыслоит цәыббра 17 рҟынӡа. Раԥхьаӡакәны имҩаԥгахоит АЖәР жәларбжьаратәи ахәҭа. Уи Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп.
АҞӘА, цәыббра 14 — Sputnik. Аԥсни ДЖәР-и Екатеринбург иҟоу АЖәР адәқәа рҿы аҿартә политика аганахьала аусеицуразы амеморандум рнапы аҵарҩит.
"Ҳара уажәнатә ахықәкқәеи ахыдҵақәеи азгәаҳҭахьеит. Ҳҿар рыбжьара аҿиара ҳалацәажәалоит, аԥышәа еимаҳдалоит, аҿар рыҿиара аизҳазыӷьаразы даара акрызҵазкуа, иаҭаху апроектқәа наҳагӡалоит", — иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба.
Екатеринбург имҩаԥысуа Аҿар жәларбжьаратәи рфестиваль еизнагеит Урыстәыла еиуеиԥшым арегионқәеи егьырҭ атәылақәеи рҟынтәи жәанызқьҩык. Аҳәаанырцәтәи аделегациақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп 100-ҩык рҟынӡа Аԥснынтәи ахаҭарнакцәа.