Амҩа хадаҿы аӡымҩахгагақәеи аӡыҭгагақәеи рыцқьоуп Баӷбаран ақыҭан
21:40 16.09.2026 (ирҿыцуп: 22:01 16.09.2026)

© Sputnik
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 16 — Sputnik. Амҩа хадаҿы аӡымҩахгагақәеи аӡыҭгагақәеи рыцқьоуп Баӷбаран ақыҭан, абри атәы аанацҳауеит Гәылрыԥшь араион ахадара.
Нанҳәа 15-16 рзы араион аҿы илеиз ақәаршыҩ амҩа ҵнаӡәӡәааит, ақәаршҩыцарҭақәа еимаҳаит.
Аусурақәа жәамш рыҩнуҵҟа х-ҭыԥк рҿы имҩаԥысуан ҳәа азгәеиҭеит анхарҭа-коммуналтә усбарҭа аиҳабы Ҭемыр Начҟьебиа. Арыцқьарақәа раан ахархәара аҭан аихеихаԥсатә техника ҷыдеи амашьына дуқәеи.
Уажәы амҩа аартуп, аныҟәара еиҭашьақәыргылоуп. Аусурақәа рымҩаԥгараҿы ацхыраара ҟаиҵеит аҭыԥантәи анаплакҩы Амиран Ҳаџьымба.