Аԥснытәи аделегациа Екатеренбург Аҿар жәларбжьаратәи рфестиваль аҟынтәи ихынҳәит
16:15 17.09.2026 (ирҿыцуп: 16:34 17.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 17 — Sputnik. Аԥснытәи аделегациа Екатеренбург имҩаԥысуаз Аҿар жәларбжьаратәи рфестиваль аҟынтәи ихынҳәит.
Аделегациа алахәыла Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҿы ирԥылеит иахьа. Аусмҩаԥгатә иацыз агәыхыҭхыҭра, ицәырнагаз алшарақәа, насгьы иаадкылан амҩаԥысшьа атәы уи алахәылацәа Sputnik иазеиҭарҳәеит.
Аделегациа алахәыла Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҿы ирԥылеит иахьа. Аусмҩаԥгатә иацыз агәыхыҭхыҭра, ицәырнагаз алшарақәа, насгьы иаадкылан амҩаԥысшьа атәы уи алахәылацәа Sputnik иазеиҭарҳәеит.
Аҿар жәларбжьаратәи рфестиваль мҩаԥысуан цәыббра 11-17 рзы. Иара еизнагоит 191 тәыла рҟынтәи 14-35 шықәса зхыҵуа 10 нызқьҩык алахәылацәа. Аҳәаанырцәтәи аделегатцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан 100-ҩык инарзынаԥшуа Аԥсны ахаҭарнакцәа. Афестиваль аҿы ицәырган еиуеиԥшым атемақәа рзы аекспертцәа алекциақәа, аҟаза-иклассқәа, апанельтә еилацәажәарақәа: аҭҵаарадырра, IT, анаплакра, аспорт, акультура, амедиа, аҳәынҭқарратә усбарҭа.
Аиҿкааҩцәа — Росмолодежь, аҿар Адунеизегьтәи рфестиваль Адирекциа, Свердловсктәи аобласт аиҳабыра.
Аиҿкааҩцәа — Росмолодежь, аҿар Адунеизегьтәи рфестиваль Адирекциа, Свердловсктәи аобласт аиҳабыра.
