Аҿар жәларбжьаратәи рфестиваль аекспедициа алахәылацәа рзы игәылҭәаау апрограмма азырхиоуп
16:41 17.09.2026 (ирҿыцуп: 16:51 17.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 17 — Sputnik. Аԥсны Аҿар жәларбжьаратәи рфестиваль аекспедициа алахәылацәа рзы даара игәылҭәаау апрограмма азнархиеит ҳәа иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аспорти аҿари рзы Аҳәынҭеилакы аиҳабы Ҭарашь Ҳагба.
Иахьа ареспубликахь иаауеит Екатеринбург имҩаԥысуа АЖәР аихшьаалақәа рыла жәларбжьаратәи аделегациа.
Иахьа ареспубликахь иаауеит Екатеринбург имҩаԥысуа АЖәР аихшьаалақәа рыла жәларбжьаратәи аделегациа.
"Урҭ иқәыԥшу, аенергиа злоу, аҵара змоу роуп, милаҭрацәала еилоу ҳажәлар рыбзазареи ркультуреи рбаразы, раҳаразы, рыҽрылагаларазы иаҳзаауеит", — иҳәеит Ҳагба.
Иара иазгәеиҭеит Аԥсны афестиваль апрограмма ахьынагӡахо раԥхьатәи тәылоуп ҳәа.

