АҳәынҭДумахь алхрақәа раан Аԥсны алхырҭатә ҭыԥқәа 50 рҿы Аԥсны АҩАР ахылаԥшра анаҭоит
21:53 17.09.2026 (ирҿыцуп: 00:01 18.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 17 — Sputnik. 300-ҩык инареиҳаны амилициа аусзуҩцәеи, аҭагылазаашьа ҷыдаҿ ирццакны иақәҿызҭуа амаҵзура аекипажқәа 4 Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа раан Аԥсны алхырҭатә ҭыԥқәа 50 рҿы ахархәара роуеит.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аилазаара зегьы цәыббра 19-21 рзы ирӷәӷәоу амаҵзура амҩаԥгара арежим ахь ииасуеит. Абри атәы инарҭбаау аилатәараҿы иҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа.
"Абжьыҭира мҩаԥгахаанӡа алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы акинологиатәи арҭҟәацгатәи гәаҭара мҩаԥгахоит, урҭ рнаҩс, аҭыԥқәа уахи-ҽни рхылаԥшра еиқәыршәахоит", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Анҭыҵтәи абжьыҭиразы агәыԥқәа зегьы рыхьчареи рыцныҟәареи алыршахоит. Абжьыҭира ахыркәшареи асааҭ 20:00 рзы абиуллетенқәа зегьы рыԥхьаӡареи рышьҭахь, дара абиуллетенқәеи алхратә комиссиақәа рнапхгаҩцәеи Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа аҟынӡа рнеираан хылаԥшра рзухоит ҳәа ациҵеит Ҷкадуа.
Ареспублика Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзураҟны, аминистр ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла, аоперативтә штаб аԥҵоуп.
"Цәыббра 20 рзы Аԥсны иахьаҵанакуа Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа мҩаԥгахоит. Уи ҳасаб азуны, алхрақәа рымҩаԥгара амш аҽны иалкаау аҭыԥқәа рҿы азинеиҿкаареи ашәарҭадареи алҳаршароуп", — ҳәа азгәеиҭеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут.