2027 шықәсазы Урыстәыла ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа 11 мшы имҩаԥыслоит
13:10 18.09.2026 (ирҿыцуп: 14:08 18.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
2027 шықәсазы урыстәылауаа 30 ныҳәатә ԥсшьарамш рзыԥшуп.
АҞӘА, цәыббра 18 — Sputnik. 2027 шықәсазы Урыстәыла ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа 11 мшы имҩаԥыслоит.
Аныҳәамшқәеи аԥсшьарамшқәеи рзы ақәҵара инапы аҵаиҩит Урыстәылатәи аԥыза-министр Михаил Мишустин.
Ажьырныҳәа 2, 3 асабшеи амҽышеи ирықәшәоит аҟнытә, арҭ аԥсшьарамшқәа абҵара 5, ԥхынҷкәын 31 рахь ииаргеит.
Асабша, жәабран 20 усуратә мшны иҟалоит. Ари аԥсшьарамш жәабран 22 ахь ииаргеит.
Абасала, иусуратәым: жәабран 21–23, хәажәкыра 6–8, лаҵара 1–3, лаҵара 8–10, рашәара 12–14, абҵара 4–7.