Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума Аԥсны иадгылон аамҭа хьанҭақәа раан иҳәеит Лакербаиа
11:45 20.09.2026 (ирҿыцуп: 13:16 20.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 20 — Sputnik. Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума Аԥсны иадгылон аамҭа хьанҭақәа раан ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Леонид Лакербаиа, Sputnik апресс-центр аҿы.
Иара игәалаиршәеит 1992 шықәсазы АҳәынҭДума ақырҭуа ар ареспублика аҵакыраҟынтәи ралгара шаҭахыз, 1996 шықәсазы ИАР иалахәу атәылақәа ирықәырҵаз асанкциақәа ишрықәыӡбаз, 2008 шықәса рзы Урыстәыла ахада иахь аҳәара шыҟанаҵаз Аԥсны ахьыԥшымра азхеиҵарц.
"Насгьы, иахьатәи аҭагылазаашьа ҳалацәажәозар, Аԥсны аҿиара — Аҳәынҭқарратә Дума иадҳәалоуп. Ари асоциал-економикатә ҿиарагьы ауп, уи — ҳтәанчахәқәа, иара убас ҳкультуреи, ҳгәабзиарахьчареи, ҳҵареи русзуҩцәа аԥаратә шәарацҵақәа рзоужьра уҳәа", — азгәеиҭеит иара.