Гладков: Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа анырра азҭашаз хҭыскгьы азгәаҭамызт Аԥсны
16:34 20.09.2026 (ирҿыцуп: 16:52 20.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 20 — Sputnik. Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа раан абжьыҭира амҩаԥысшьа анырра азҭаша хҭыскгьы азгәаҭамызт иҳәеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков, Sputnik апресс-центр аҿы.
Ақәеи анаҟәи ирыхҟьаны ашьхақыҭа Ԥсҳәыҟа хаҭала дышзымԥрыз азгәеиҭеит иара. Аха, алхратә комиссиа алахәылацәеи ҩыџьа ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәеи еицны заанаҵы ицахьан, убри азы уа абжьыҭира еиҿкаан, уажәазы ихыркәшахахьеит ҳәа уҳәар алшоит.
Гладков иажәақәа рыла, асааҭ 15:00 рзы ауаа абжьыҭира иалахәыз 41 нызқьҩык иреиҳахеит.
"Раԥхьа хьаас иҳаман ақәа ауаа рааира анырра анаҭар ҟалоит, адәахьы адәылҵрагьы рҭаххарым ҳәа. Даҽа ганкахьала, аԥсшьаҩцәа аӡәырҩы аекскурсиақәа рахь имцакәа иахьынхо аҭыԥқәа рҿы ианаанха алхырҭақәа рахь инеиит, убри азы ауаа рааирагьы иацлеит", — иҳәеит адипломат.
Пицундеи Гагреи алхыҩцәа рааира ахьыҳаракыз иахҟьаны абиуллетенқәа азымхеит, уажәы Ацҳаражәҳәарҭа урҭ инацҵаны инаргоит ҳәа ациҵеит Гладков.