Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа ралхрақәа рҿы Аԥсны абжьыҭира хыркәшоуп
20:04 20.09.2026 (ирҿыцуп: 20:43 20.09.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 20 — Sputnik. Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа ралхрақәа рҿы Аԥсны абжьыҭира хыркәшоуп.
Араионқәеи ақалақьқәеи рҿы алхырҭатә ҭыԥқәа адыркит асааҭ 20:00 рзы. Зынӡа урҭ 50 ыҟан, иара убасгьы иҟан анҭыҵтәи абжьыҭира алыршара.
Урыстәыла ахьынӡанаӡааӡо иаку абжьыҭира амш хымш имҩаԥысуеит — цәыббра 18-20 рзы. Аԥсны алхрақәа мышкы ауп ианымҩаԥысуа — цәыббра 20. Урҭ еиҿнакаауеит Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭеи Урыстәыла алхратә комиссиа хадеи.
Рыбжьы арҭар рылшон 18 шықәса зхыҵхьоу, иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо, мамзаргьы сасра иааз Урыстәыла атәылауааи, иара убас Урыстәыла атәылауаҩра змоу Аԥсны ауааԥсыреи.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа асааҭ 15:00 рзы иҟанаҵаз адыррақәа рыла, ареспубликаҿы алхыҩцәа рааира 41 нызқьҩык иреиҳахеит.